Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Сангәлиа еиҭеиҳәеит Лабра ахақәиҭтәра шымҩаԥгаз, уи ҵакыс иамаз

Сангәлиа еиҭеиҳәеит Лабра ахақәиҭтәра шымҩаԥгаз, уи ҵакыс иамаз
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, агәыԥ "Чагьам" адҵаҟаҵаҩ, Леон иорден занашьоу Асланбеи Сангәлиа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Лабра ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз ажәылара, аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рхы шаадырԥшуаз.
30 шықәса раԥхьа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан Мрагыларатәи ахәҭаҿы ақырҭуа мпыҵахалыҩцәа рнапахьы иааргахьаз Лабра ахақәиҭтәраз аԥсуа еибашьцәа ажәылара мҩаԥыргеит. Хәажәкырамзазы Лабра ахақәиҭтәразы имҩаҧысуаз ажәылара амза акы инаркны иалагеит, 9 рзы ихыркәшахеит. Астратегиатә ҵакы змаз ари ақыҭа аҭарцәра изныкымкәа рҽазыркхьан аԥсуа еибашьцәа.
"Лабра акрызҵазкуаз ҭыԥын, уи ахәы ақырҭуа дықәлар, Очамчыра араион аԥсуа қыҭақәа ибон Ҷлоу аштаб ахьыҟаз инаркны. Убри аҟынтәи дара есымша рҽазыршәон Лабра аԥшәмара аанкылара. Лабреи Кәтоли рҳәааҟны ахырӷәӷәарҭа ыҟан. Ақырҭцәа ааны аерманцәа ирацәажәон аԥсуаа иаҳҟаҵырц, избанзар усгьы ҳақәыргоит ҳәа рыԥхьаӡон", - иҳәеит Сангәлиа.
Аибашьҩы игәалаиршәеит иҷыдоу аҵакы змаз Лабра ахақәиҭтәразы имҩаԥысуаз акымкәа ажәыларақәа, урҭ рҟны аԥсадгьыл ахьчаҩцәа иаадырԥшуаз агәымшәара.
"Атанк "Тигр" адҵаҟаҵаҩ Кьышьмариа аҷкәынцәа хҩык Лабаратәқәан. Дара рфырхаҵара аҭоурыхгьы иануп, аха цқьа иҩӡам ҳәа сгәы иаанагоит. Атанк аҟны изҭоу абылтәы абыржәыцәҟьа инҵәоит акгьы игӡам, Лабра ҳалбааны ҳгылоуп. Ақырҭуа итанк иаауаз даӡывысын, иаарҳәны икажьны, иҭыргеит абылтәы, ахырҭҟәацқәа, дара рҟны иҭаҵаны ажәылара иацырҵеит. Ари алакә аҟны иуаҳауеит, аҟаҵара даара агәаӷьрагьы ахәыцрагьы аҭахуп. Гәыкԥсыкала зыԥсадгьыл, зҭаацәа, зыҩнаҭа зыхьчар зҭаху иԥсы деигӡаӡом", - иҳәеит Сангәлиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0