Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа далахәын Сергеи Багаԥшь игәаларшәара иазкыз аусмҩаԥгатә

© Foto / официальный сайт Президента Республики Абхазия Президент Абхазии Аслан Бжания принял участие в памятных мероприятиях, посвященных 74-летию со дня рождения второго Президента Республики Абхазия Сергея Багапш.
Президент Абхазии Аслан Бжания принял участие в памятных мероприятиях, посвященных 74-летию со дня рождения второго Президента Республики Абхазия Сергея Багапш. - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 12 шықәса раԥхьа - лаҵара 29 2011 шықәса рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дигәалаиршәеит атәыла аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь, иара иԥсы ҭазҭгьы иахьа 74 шықәса ихыҵуазаарын. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аусмҩаԥгатә иара убас иалахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, араионқәеи аҭыԥантәи ахадарақәеи рнапхгаҩцәа.
Сергеи Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәса рзы. Иара Аԥсны ахадас далырхит 2004 шықәса рзы, атәылаҿы иуадаҩыз ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа шьақәгыланы ианыҟаз, усҟан иара илшеит уи аҭышәныртәалара.
Иара Аԥсны данахыгалаз ареспублика аҭоурых аҟны реиҳа аҵакы змаз иреиуаз ахҭыс ҟалеит - Урыстәыла Аԥсны азханаҵеит, уи анаҩс акымкәа егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы ари аҩыза шьаҿа ҟарҵеит.
Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь иԥсҭазаара далҵит 12 шықәса раԥхьа - лаҵара 29 2011 шықәса рзы. Иара анышә дамадоуп Очамчыра араион иқыҭа гәакьа Џьгьарда иаб игәараҭаҿы.
Президент Республики Абхазия Сергей Багапш - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.05.2022
Аԥсны
Атәыла ахада, ашәарыцаҩ, аҭаацәа реиҳабы: Сергеи Багаԥшь игәалашәараз
Ажәабжьқәа зегьы
0