Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Sputnik амчыбжь: ахада ипресс-конференциа, амаинингқәа раԥырҟәҟәаара, арбаандаҩрақәа

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания дает пресс-конференцию СМИ
Аслан Бжания дает пресс-конференцию СМИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2023
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 27- хәажәкыра 5 рзы Аԥсни уи анҭыҵи имҩаԥысыз ажәабжь хадақәа ртәы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ипресс-конференциаҿы Белоруссиа иҟазаара аан дызлацәажәаз, Урыстәылантә афымцамч Аԥсныҟа иахьынӡаарышьҭло, акриптовалиута амаининг аԥырҟәҟәаара шцо, амилициаа иааныркылаз ззаныркылаз уҳәа Sputnik аматериал аҿы.

Бжьаниа ипресс-конференциа

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ииасыз амчыбжь азы Белоруссиантәи дхынҳәит. Иара уа иҟазаараан иколлега Александр Лукашенко диԥылеит. Минскнтә данаа ашьҭахь Бжьаниа апресс-конференциа мҩаԥигеит ажурналистцәа алархәны.
Минск Аахыҵ Кавказ ашәарҭадара азҵаарақәа иахьрылацәажәатәу ҭыԥны исшьоит ҳәа иҳәеит апресс-конференциаҟны Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа.
Аԥсни Белоруссиеи русеицура аҿиара аинтерес ҳзаҵоуп, аусеицуразы ихырхарҭа хаданы иҟоуп: IT-технологиақәа; 2024 шықәса мшаԥымзазы Кындыӷ ақыҭаҿы излагараны иҟоу асанатор-курорттә хыбра аргылара. Уа аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы иаԥҵахоит 250 инареиҳаны усутә ҭыԥқәа. 80% рҟынӡа аусуцәа аҭыԥантәи ауаа ракәхоит. Иара убасгьы Аԥсны аинтерес аанарԥшуеит ақыҭанхамҩа аусхк аҟны аусеицуразы иҳәеит Бжьаниа.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны идыргыло апартаментқәа ртема ахҳәаа аиҭеит. Иара агәра ганы дыҟоуп, Аԥсны апартаменқәа рыргылара атәыла ауааԥсыра акыр феида шырнаҭо.
Строительство гостиницы Гранд отель - Сухум - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аԥсны идыргыло апартаментқәа ртема ахҳәаа аиҭеит
"Сара агәра ганы сыҟоуп, апартаменқәа рыргылара атәыла ауааԥсыра акыр феида шырнаҭо. Ари ауааԥсыра усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара, абиуџьет аԥара алагалара, Аԥсны мрагыларатәи ахәҭа аҿиара, газла аиқәыршәара арццакра, аҳаирбаӷәаза аргылара, аихамҩа аиҭашьақәыргылара. Ари хыԥхьаӡара рацәала асасцәа аполитика иадҳәалам, асасцәа Аԥсны аҵакыраҿ аҽҭаҩҩра азин змам, Аԥсны аҩнуҵаҟа иахьынӡарҭахәу аԥсшьараз асасцәа", - ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.

Аилацәажәареи агәаҭарақәеи

Аҩаша, жәабран 28 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаареи Жәлар Реизареи рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура. Аиԥылараҿ ирылацәажәеит атәыла ахада усутә ныҟәарыла Москвеи Мински иҟазаара алҵшәақәа, апарт-отельқәа рыпроект азакәан, аенергетикатә усхк аҟны иҟоу ауадаҩрақәа.
Аслан Бжьаниа иалатәара иалахәыз ирылеиҳәеит, "Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус аиҿкаара" азакәан апроект аусеилкаара ишахысыз, ауаажәларреи АИХ-қәеи рҟны алацәажәара шамаз, уи хара имгакәа ахәаԥшразы адепутатцәа рахь ишынашьҭтәу.
Аԥыза-министр Александр Анқәаб дазааҭгылеит авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо. Иара иажәақәа рыла, аусурақәа реиҳарак ахыркәшарахь инеит, уажәазы адыдмацәыс ацәыхьчаразы аусурақәа мҩаԥыргоит, уи ҩымз аҭаххоит.
Анқәаб иҳәеит, аусурақәа реиҵахара амшцәгьақәа ишрыхҟьаз, аусурақәа зегьы "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа урыстәылатәи рколлегацәа аламырхәкәа ишынарыгӡаз, адыдҽацәыхьчараз ашьақәгылақәа реибыҭареи АҲ аусуреи аамҭаказы имҩаԥхагар алшоит ҳәа азгәеиҭеит.
Иара убас, Аслан Бжьаниа еизаз идирдырит Урыстәылеи Белоруссиеи ицара алҵшәақәа ртәы. Иҳәеит Белоруссиа ахада Александр Лукашенкои иареи шеиқәшаҳаҭхаз аекономикатә усеицура арҭбаареи, иҷыдоу аусбарҭақәеи атәылахьчара аминистрреи рганахь ала аимадарақәа рышьақәыргыларазы.
Москва иҟазаара атәы дазааҭгыло, Аслан Бжьаниа иҳәеит урыстәылатәи аполитикцәеи иареи шалацәажәаз афымцалашара Аԥсныҟа аашьҭра аиҿкаареи, аԥхьаӡагақәа раахәаразы аинфраструктуратә кредит аиуреи, Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аҳаиреимадара аиҭашьақәыргылареи ирызкны азҵаарақәа.
Атәыла ахада аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лнапы ианиҵеит, еиқәыԥхьаӡоу ахырхарҭақәа русуразы иахәҭоу ашәҟәқәа зегь еиқәыршәаны Москваҟа идәықәылҵарц.
Аслан Бжания провел совещание с руководством Кабинета министров и Парламента - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Аминистрцәа реилазаареи Жәлар Реизареи рнапхгаҩцәа злахәыз аизара мҩаԥигеит
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гагра ақалақь аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит, аԥсшьаҩцәа ахьындырхо аҭыԥқәа дырҭааит.

Ҩыџьа атәыла ахадацәа ргәалашәара амш

Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 13 шықәса раԥхьа, хәажәкыра 4 2010 шықәса рзы, 65 шықәса дшырҭагылаз. Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь диит хәажәкыра 4 1949 шықәсазы.
Абри амш азы Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟаз Аԥсны анапхгара иргәаладыршәеит атәыла ҩыџьа ахадацәа. Ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵит Ешыра ақыҭан Владислав Арӡынба имемориалтә комплекси Сергеи Багаԥшь анышә дахьамадоу Џьгьарда ақыҭеи рыҟны.
Ашәҭшьҭаҵара аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Приднестровие аофициалтә хаҭарнак Гарри Қәпалба, Аминистрцәа реилазаара ахаҭарнакцәа, ауаажәларратәи аполитикатәи усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аибашьра аветеранцәа.

Адәныҟатәи аимадарақәа

Аԥсны ААР амедиацентр ишаанацҳаз ала, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа русқәеи, аҳәаанырцә инхо аџьынџьуааи, жәларбжьаратәи агуманитартә усеицуреи рзы Афедералтә маҵзура (Россотрудничество) аиҳабы Евгени Примакови еиԥылеит Москва, ашәахьа жәабран 27 рзы.
Арӡынбеи Примакови русеицура алҵшәақәа еихыршьаалеит. Аганқәа иара убасгьы ирылацәажәеит Аԥсны ААР амедиацентр Москва аԥҵара азҵаара.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла иаанацҳаит Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрцәа Цхинвал еиԥылеит ҳәа.
"Ҳҳәынҭқарра ҿыцқәа рҭоурых - ари аҭагылазаашьа уадаҩқәа раан аицхыраара ауп. Ҳара еицаҳзеиԥшу усуп ареспубликақәа рзы ихәарҭоу аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара", - иҳәеит Вальтер Быҭәба, иколлега Валери Газзаев аԥсшәа иаҳәо.
Делегация МВД Республики Абхазия посетила СИКЦ и национальный музей РЮО - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2023
Аԥсны
Аԥсуа делегациа Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи Аҩнуҵҟатәи аусқәа рзеиԥш центр иаҭааит
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба зхадараҿы дыҟаз аусбарҭа аделегациа Цхинвалҟа инеит аусбарҭабжьаратә еиԥыларахь.
Аԥсуа делегациа аҭааит Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәылеи Рыҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа еицырзеиԥшу ринформациа-координациатә центр. Игәарҭеит ацентр аусушьа , акриминалисттә лабораториа атехникатә лшарақәа ҭырҵааит. Иара убас дара аҭааит Аахыҵ Уаԥстәыла Амилаҭтә музеии ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭеи, уа дара Алан Елбакиев идикылеит.

Афымцамч аиуреи амаининг аԥырҟәҟәаареи

Урыстәылантәи Аԥсны афымцамч аиулоит хәажәкырамза нҵәаанӡа ҳәа иҳәеит апресс-конференциаҟны атәыла ахада Аслан Бжьаниа.
Иара иажәақәа рыла, ари алыршахеит Москва иҟазаараан. Бжьаниа иҳәеит аусхк аҿиаразы аамҭа-аамҭала ахәԥсахҵәахақәа шышьҭыхлатәу. Аԥсны аҭаҩратә хархәагақәа раахәаразы акредит ишазԥшу. Ахархәагақәа афымцамч ахәԥса аизгараз хра рылоуп ҳәа азгәеиҭеит аҳәынҭқарра ахада.
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Аԥсны
Хымчыбжьа рыҩнуҵҟа Аԥсны зқьы инареиҳаны амаининг хархәагақәа рылгоуп
Закәаншьаҭада акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәаразы ареспубликатә штаб аԥҵан хымчыбжьа раԥхьа.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган Аминистрцәа реилазаара аилатәараҟны иазгәалҭеит, ареспубликатә штаб аԥҵоижьҭеи араионқәа рҿы 1 261 маининг хархәагақәа шрылгоу.
Озган лажәақәа рыла, аштаб аусура ианыԥшит афымцамчхархәара аиҵатәра. Иахьазы ахархәара арҭоит 7,8 миллион кВт⋅с. урҭ рҟынтәи 6,4 миллион Урыстәылантә иаарышьҭуа ауп, 1,4 миллион – Егры ГЕС аҟынтәи.

Ашықәс аихшьаалақәа

Аԥсны Апрокуратура хада 2022 шықәсазтәи аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит ахаша хәажәкыра 1 азы. Апрокурор хада ихаҭыԥуаҩ Дамир Кәыҵниа иажәахә ашьаҭала иазгәаҭоуп ииасыз ашықәс азы 795 цәгьоура ашәҟәы ишҭагалаз. Уи 72 цәгьоура рыла еиҳауп 2021 шықәсазы аасҭа.
Аҟәа 2022 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 287 цәгьоура - 204 цәгьоура 2021 шықәсазы; Гәдоуҭа ариаон аҿы 111 цәгьоура, 85 цәгьоура 2021 шықәсазы; Гәылрыԥшь араион аҿы 16 цәгьоура рыла еиҵан, Тҟәарчал араион аҿы – 13 цәгьоура рыла.
"Аха арҭ араионқәа рҿы ари аҭагылазаашьа еиҭанакит ҳәа узҳәом", - иҳәеит Кәыҵниа.
Иара убасгьы иҳәеит ацәгьоурақәа ӷәӷәақәа раарԥшра 2021 шықәсазы 76,5% ҳәа иарбазар, 2022 шықәсазы 80,9% ҳәа иарбан ҳәа.
2022 шықәсазы аӷьычрақәа 154 ашәҟәы иҭагалан, урҭ рҟынтәи 115 аарԥшуп. 2022 шықәсазы закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршараз 255 цәгьоура ашәҟәы иҭагалан. Урҭ зегьы аарԥшуп.

Ахәҳахәҭреи ашәахтәқәеи

2022 шықәсазы Аԥсны адәныҟа ахәҳахәҭратә еикәыршара 39,9 миллиард мааҭ артәеит. Уи 2021 шықәса иаҿурԥшуазар 11,2% рыла еиҳауп. 2022 шықәсазтәи аус нагӡоуп 117% рыла ҳәа иҳәеит Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа ашықәс аихшьаалақәа ҟаҵо.
2022 шықәсазы аекспорт 6 миллиардки 963 миллион мааҭ итәеит. Уи 2021 шықәса иаҿырԥшны 903 миллион мааҭ ма 14,9% иҟоуп.
Государственный таможенный комитет - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2023
Аԥсны
2022 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара рекордтәхеит
2022 шықәсазы аимпорт 32 миллиарди 968 миллион мааҭ итәеит. Уи 2021 шықәса иаҿырԥшны 3 миллиардки 104 миллион мааҭ ма 10,4% ыҟоуп.
2022 шықәсазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара рекордтәхеит: 30 миллиарди 451,6 миллион мааҭ иҟалеит. Ари 2021 шықәса аасҭа 3 миллиардки 448,5 миллион мааҭ еиҳахеит. Абри атәы еиҭеиҳәеит Аилак ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
Иара убасгьы 2022 шықәсазы Ҭырқәтәылеи Аԥсни рыбжьара атауариекәыршара 142% ма 2 миллиардки 671,2 миллион мааҭ ихалеит 2021 шықәса иаҿырԥшны. Ари ишьақәнартәеит 4 миллиардки 544,6 миллион мааҭ.
Аԥснытәи аалыҵ аҭиразы аҽырҭбаара агәы иҭоуп. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ателеканал "Россия 24" аефир аҿы иҳәеит Аҟәеи Мински Аԥснытәи аҩқәа Белоруссиаҟа рнагара иалагарц азы еилацәажәоит ҳәа.
Аҟәеи Мински атуризм аусхк назлоу еиуиеԥшым еицырзеиԥшу апроектқәа рынагӡара ишалацәажәо.
"Аԥснытәи аган аҟынтә егьырҭ атауартә позициақәагьы ирылацәажәоуп. Убри аан белоруссиатәи атауарқәа – ахшаалыҵ аиԥш иҟоуи егьырҭи Аԥсныҟа иаагахалоит", - иҳәеит Арӡынба.
Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистррагьы имҩаԥнагеит аихшьаалатә еилатәара.
2023 шықәса жәабранмзазы ашәахтәшәара иартәеит 351,4 млрд мааҭ, уснагӡала иарбаз 248,1 млрд мааҭ рҭыԥан. Аус нагӡан 142% ҳәа.
2023 шықәса ажьырныҳәеи жәабрани амзақәа рзы абиуџьет ахь иалагалоуп 598,6 млн мааҭ, уснагӡала 433,9 млн миллион мааҭ ахьарбаз. Аус нагӡоуп 138% рыла.
2022 шықәса иаҿырԥшны адинамика 134% ыҟоуп (151,7 млн м.).

Рыԥсадгьыл ахь иааргоит

Аԥсны Аҭаглазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра аусзуҩцәа аминистр Лев Кәыҵниа раԥхьа днаргыланы Донецктәи жәлар рреспубликахь ицеит, Нодар Абыџбеи Адам Лагәлааи рыԥсыбаҩқәа аагаразы. Дара Донецк ахақәиҭтәразы аидыслараан иҭахеит 2022 шықәса ԥхынҷкәын анҵәамҭазы.
Иҳаҩсыз ашықәс ԥхынҷкәын 27-28 рзы ДЖәР иҭахеит хҩык аԥснытәи ахатәгәаҩцәа - Дмитри Ҵәыџьба, Нодар Абыџба, Адам Лагәлаа. Аоперациа ҷыдаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа уадаҩ иахҟьаны Ҵәыџьба иԥсыбаҩ мацара ауп залгара рылшаз, иара Аԥсны анышә дамардеит ажьырныҳәа алагамҭазы.
Учения МЧС РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2023
Аԥсны
Аԥсны АҶА аусзуҩцәа Донбассҟа ицеит иҭахаз ахатәгәаԥхаҩцәа рыԥсыбаҩқәа ааргарц

Азинмчра инахырҳәҳәаны амч ахархәара

Аԥсны Апрокуратура хада излаанацҳауа ала, Гагра араион амилициа аусзуҩцәа рганахьала аус аӡбарҭахь ирыҭоуп. Гагра араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа рмаҵзуратә зинмчра инахырҳәҳәаны рхы иадырхәеит ҳәа ахара рыдырҵоит.
Гагра араион ААР амазаратә цәгьоурақәа рыԥшаараз аҟәша аиҳабы, амилициа акапитан Багаҭелиа Ҳаџьараҭ, Гагра араион ААР ацуҭа милициа, амилициа алеитенант еиҵбы Џьалаӷониа Дмитри, иара убасгьы Гагра араион ААР амазаратә цәгьоурақәа рыԥшаараз аҟәша аусзуҩ Ҷыҭанаа А.Л. рмаҵзуратә зинмчра инахырҳәҳәаны абџьар рхы иадырхәеит, ақәымчра ҟарҵеит ҳәа ахара рыдырҵоит.
Гагра араион ААР аоперативтә зинмчра змоу, амилициа алеитенант еиҵбы Аншба Ҭимури Гагра араион ААР амазаратә цәгьоурақәа рыԥшаараз аҟәша аусзуҩ Мшьелиа И.Р рмаҵзуратә напынҵақәа инархырҳәҳәан рхы иадырхәеит ҳәа ахара рыдырҵоит.
Машины МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Аԥсны
Гагра араион амилициа аусзуҩцәа рганахьала аус аӡбарҭахь ирыҭоуп
Аусҭҵаара адыррақәа рыла, мшаԥы 7 рзы Багаҭелиеи аопергәыԥ алахәылацәа Аншбеи, Џьалаӷониеи, Ҷыҭанааи Мамзышьха иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҿы ахылаԥшра мҩаԥыргон азинеилагарақәеи ацәгьоурақәеи раԥырҟәҟәааразы, хаҭала изакәанымкәа анаркотикқәеи аԥсихотроптә хархәагақәеи реикәыршара алмыршаразы. Абри амаҵзуратә гәаҭараан Санкт-Петербургтәи аԥсшьаҩы Артиом Русских даанкыланы Гагра араионтә ААР аҷаԥшьаратә хәҭахьы днаган ихаҭара ашьақәыргыларазы, иара атуристтә ԥсшьарҭақәеи амаршрутқәеи рынҭыҵ иҟазаара иахырҟьаны.
Иара убри амш азы Русскихи иԥшәмаԥҳәыс Дариа Морозовеи уи лҩыза Полина Салминеи еиҭаанкылан. Дара амилициа аҟәшахьы инаганы, иарбанзаалак шәҟәык иамырбаӡакәа рҿахәы рҿырхит, еимырдеит. Русских далархәны еимдан асасааирҭатә номер "Black-Sea" аҿы.
Гагра араион аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аусзуҩцәа иааныркылаз Русских ауадақәа руак аҿы ддыргәаҟуан, ихақәиҭра дшалахәдартәуаз иаҳәо бџьарла ддыршәон. Анаҩс Русских Гагра араион иахьаҵанакуа уаҩ дахьыҟамыз ҭыԥк ахь днаганы дрыпҟеит.

Анаркотикқәа, аӷьычреи амцҳәареи

Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа Урыстәыла атәылауаҩ Александр Медведев 15 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ахгареи 600 000 мааҭ ахараԥсеи иқәнаҵеит. Иара хараны идҵан анаркотик – мефедрон, зыкапан 259,371 грамм иҟаз аларҵәараз иман ҳәа.
Иара убасгьы даанкылоуп Узбекисҭан атәылауаҩ Рамзидин Шамсиддинов анаркотикқәа рацәаны рыҭиразы. Иара дангәарҭоз идырбалеит аметадон згәылаз 24 еилаҳәара. Даҽа ф-еилаҳәарак рбеит Аҟәа Кәыдрытәи амҩаду, адәыӷбаангыларҭа "Кьалашәыр" иахьаҵанакуа, иара убас егьырҭ аҭыԥ маӡақәа рҟны. Шамсиддинов имырхыз анаркотикқәа рзеиԥш капан 14 грамм еиҳауп. Ахаҵа иганахьала ашьаус хацыркуп, иара даанкылоуп.
Молоток судьи - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2023
Аԥсны
Урыстәыла атәылауаҩ Аԥсны анаркотикқәа раларҵәаразы иус рыӡбеит
Аҟәа инхо Владимир Колесников азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа дааныркылеит апсихотроптә маҭәашьарқәа рыҭира хықәкыс иҟамҵакәа изакәанымкәа раахәареи рыҵәахреи рзы, иара убас изакәанымкәа Аԥсныҟа ралагалареи азы.
Иаанкыркылаз иџьыба ишҭаз рбеит 10 граммк иҟаз апрегабалин.
Гәдоуҭа инхо Алексеи Еныкь азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа дааныркылеит изқәиҭым амаҭәашьарқәа изакәанымкәа раахәареи Аԥсныҟа ралагалареи рзы. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа Еныкь ишәыз-иҟәныз ангәарҭоз идырбалеит анаркотикатә маҭәашьар "аметадон" рацәаны, иара убас 38 грамм раҟара апсихотроптә маҭәашьар "апрегабалин", "лирика" ҳәа зыӡбахә рҳәо.
ААР апресс-маҵзура иара убасгьы иаанацҳауеит, Аҟәатәи ақалақьтә еизара адепутат Роман Қәҭарба изакәанымкәа амцабчџьар аахәареи, аҵәахреи, аныҟәгареи рзы гәҩарас дҟаҵаны дааныркылеит. Иара идырбалеит Токарев итапанчеи зхҭалашәара 7,62 миллиметрак иҟоу аҭырҟьара иазырхиоу ахқәеи ҳәа аарыцҳауеит аусбарҭа аексперттә-криминалисттә центр аҿы.
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2023
Аԥсны
Аҟәа ауаҩԥсы даанкылан изакәанымкәа абџьар ҵәахны иахьимаз азы
Хәажәкыра 23 рҟынӡа аусӡбарҭа аӡбрала даанкылоуп ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны амчратә усбарҭақәа рассоциация" аиҳабы Леон Минџьиа. Иара имаҵура ихы иархәаны Урыстәыла атәылауаҩ Геворк Сунгуртиан ареспублика атәылауаҩшәҟәы 300 000 мааҭ ҳәа иузыҟасҵоит ҳәа дақәиргәыӷит.
Иара убасгьы 150 000 мааҭ азаахә ҳасабла даҳәеит. Аԥара агараан даанкылан.
Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа аӡбрала аԥсҭбара зцыз амҩан иҟалаз амашәыр иалахәыз Ница Габлиаԥҳа аҩнытә баандаҩра лықәҵоуп 2023 шықәса мшаԥы 1 аҟынӡа.
2023 шықәса ажьырныҳәа 1 асааҭ 06:25 азы Ница Габлиаԥҳа, арыжәтә ыжәны автомашьына "Mazda З" аԥсҟы лкит. Амашьына аҩнуҵаҟа иҭатәан абренд KamuChi ашьаҭаркҩы Кама Ҵәыџьԥҳаи Инар Какалиеи. Амашьына Аҟәа агәаҟынтә араион маҷ "Кьалашәыр" ахь ахы хан. Ахаҵәирҭаҿы амашьына аԥсҟы лымпыҵҟьеит, 45 метра иахысны атроллеибустә цәаҳәақәа рышьаҟа иасит.
Кама Ҵәыџьԥҳа лыԥсҭазаара далҵит, Инар Какалиа игәыҵҟьа ааха аманы Ареспубликатә хәшәтәырҭахь днаргеит. Габлиаԥҳа лхаҭагьы аахақәа лыманы ахәшәтәырҭахь днаган.
Суд - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2023
Аԥсны
Ница Габлиаԥҳа аҩнытә баандаҩра лықәырҵеит
Ажәабжьқәа зегьы
0