Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

ВДНХ аҿы Аԥсны иазку апавилион аргылара сынтәа ихыркәшахоит

© Foto / пресс-служба ВДНХРеставрация павильона № 6
Реставрация павильона № 6 - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2023
Анапаҵаҩра
2023 шықәсазы иаадыртраны иҟоуп 15 павилион, урҭ рыбжьара иҟоуп амилаҭтәиқәа ҩба - Аԥсни Узбекисҭани иртәу.
АҞӘА, хәажәкыра 6 – Sputnik. Аԥсны амилаҭтә павилион ВДНХ аҿы аргылара хыркәшахоит сынтәа ҳәа и-Telegram-канал аҿы иҩуеит Москва ахада Сергеи Собианин.

Аԥсны аҭоурых, акультура, аихьӡарақәа ирызку ахәҳаахәҭра-цәыргақәҵатә центри аекспозициеи аадыртуеит апавилион №6 аҿы.

Уажәы ихдыркәшоит адәахьтәи ахаҿра аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа, анџьныртә маругақәеи амҩангагақәеи рмонтаж, аҟазацәа аинтериер аҿы иҟаз, аха ибжьаӡыз арԥшьшьаратә рԥшӡагақәеи, аган иамаз авитражқәеи, уахьыҩнало азал аҿы ихшьу алашарбагақәа еиҭашьақәдыргылоит.
2023 шықәсазы ихдыркәшоит даҽа 14 павилион рыргылара, Узбекисҭан апавилион убрахь иналаҵаны.
Ажәабжьқәа зегьы
0