Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Адәныҟатәи аусқәа рминистр адәныҟаполитикаҿы аԥыжәара зманы ииԥхьаӡо далацәажәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Лого МИДа Абхазии
Лого МИДа Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2023
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла аҽазышәара ауеит Аԥсны анҭыҵ аҳәынҭқаррақәа рнырра аус ааннакыларц ҳәа иҳәеит Аԥсны ААР ахада.
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны адәныҟаполитикаҿы аԥыжәара зманы ииԥхьаӡо Мрагылара Ааигәа шакәу далацәажәеит "Соловьев Live" аефир аҿы.
Иара иҳәеит аусбарҭа активла аусура шымҩаԥнаго Шьамтәыла, Ливан, Афганистан рганахь ала. Қырҭтәыла иалшо ала аҽазышәара ауеит Аԥсны анҭыҵ аҳәынҭқаррақәа рнырра аус ааннакыларц ҳәа иҳәеит Аԥсны ААР ахада.
"Шьамтәылатәи ҳашьцәеи ҳареи Мрагылара Ааигәа, Ливан, Афганистан уҳәа макьана зыӡбахә сырзар сҭахым аҳәынҭқаррақәа рҿы аусеицура астратегиа аус адаауылоит", - ҳәа иҳәеит аминистр.
Арӡынба иазгәеиҭеит Аԥсны адәныҟаполитикатә усбарҭа активла аус шаднаулало ари ахырхарҭа Урыстәыла ААР адгыларала.
Иара убасгьы иҳәеит адгьылҵысра ашьҭахь Аԥсны Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи ацхыраара шырнаҭаз.
"Аԥсуа диаспора ахьырацәоу Ҭырқәтәыла активла аус аауеит. Ҳхаҭарнак аҭыԥ ахь днеины ҳџьынџьуаа рҭагылазаашьа ибеит, дрыҿцәажәеит, агуманитартә цхыраара ҟаҳҵеит. Шьамтәыла, атәыла ахада инапынҵала аамҭала ауаа рхы ахьыҵаркыша амодультә ҩнқәа раахәара аус ҳалацәажәоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аминистр иазгәеиҭеит Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара аизыҟазаашьа бзиақәа шышьақәгылоу.
Ажәабжьқәа зегьы
0