Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амедицинеи, аҭҵаарадырреи, акультуреи русзуҩцәа Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранашьоуп

© SputnikЗаседание
Заседание  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амедицинеи, аҭҵаарадырреи, акультуреи русзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа ранеишьеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҭҵаарадырратә еимадарақәа рырӷәӷәареи рыҟны аҵак ду змоу ллагаламҭазы "Аԥсны аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз аҭҵарадырра аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы лыхҵоуп афилологиатә наукақәа рдоктор, Адунеитә литература аинститут апрофессор, Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла, Апедагогигатә ҵараиура Жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа акорреспондент-лахәыла Марина Шьербакова.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа аныҳәамш Хәажәкыра 8 Аԥсны аҳәса ирыдиныҳәалеит
Амузеитә ус аҿиараҿы рлагалеи шықәсырацәалатәи русуреи рзы "Аԥсны аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵоуп Аԥснытәи аҳәынқарратә музеи аусзуҩцәа: аԥсабара аҟәша аиҳабы Таисиа Аланиа, археологиа аҟәша аиҳабы Диана Ахба, иахьатәи аҭоурых аҟәша аиҳабы Клара Гьерзмаа, аетнологиа аҟәша аиҳабы Белла Қьецба, аетнологиа аҟәша аҭҵарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамба.
Агәабзиарахьчараҿы шықәсырацәалатәи русура азы "Аԥсны аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз аҳақьым" ҳәа ахьӡ рыхҵоуп: Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахәыҷтәы ҟәша аиҳабы, анеонатолог Ада Амԥар, Аҟәатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа атерапевт Мактина Џьынџьал, Ареспубликатә хәышәтәырҭа аԥҳәысеилыргара-афизиологиатә ҟәша аиҳабы Рита Ҭраԥшь.
"Аԥсны аҳәынҭқарра Зҽаԥсазтәыз амедицина аусзуҩ" ҳәа ахьӡ рыхҵоуп Аҟәатәи ақалақьтә хәшәтәырҭа анестезиа-реанимациатә ҟәша амедиеҳәшьа Гуранда Аршба, ахәыҷтәы поликлиника амедиеҳәшьа Татули Голанӡиа, ахәыҷтәы поликлиника аҭыԥантәи амедиеҳәшьцәа Мери Џьынџьолиеи Манана Кебуриеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0