00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
On air
14:56
3 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Лаҵара 19 рзы Асовет Еидгыла ахаан иазгәарҭон апионертә еиҿкаара амш
18:16
17 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
В Азии новая вспышка коронавируса
18:49
13 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хьециаԥҳа: актәи аҭыԥ аҿы аҭаацәароуп игылоу, аха ухатә усгьы аган иавамхароуп

Хьециаԥҳа: актәи аҭыԥ аҿы аҭаацәароуп игылоу, аха ухатә усгьы аган иаваумырхароуп
Анапаҵаҩра
Аԥҳәыс лроль аԥсуаа рҿы, иабанӡалымоу уи ахақәиҭра аҳәынҭқарра аргылараҿы, иарбан лыԥсҭазаара ахаҿы илыргыло - аҭаацәара акәу, аусура акәу, абри азы арадио Sputnik аефир аҿы Аҳәса рымш аҽны лгәаанагара лҳәеит Sputnik асаит аԥсуа ҭыжьымҭа аредактор Наала Хьециаԥҳа.
Наала Хьециаԥҳа - ҩыџьа арԥарцәа дрануп, иара убри адагьы аус луеит Аԥсуаҭҵааратә институт аҿы ҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩыс, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы астудентцәа англыз бызшәа рылҭоит, жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik асаит аԥсуа версиа аредакторс дыҟоуп.
Наала арадиоефир аҿы еиҭалҳәеит лусуреи лҭаацәеи шеилалыгӡо атәы, ари аус аҿы илыцхраауа, дазааҭгылеит иахьа аԥсуа ҳәынҭқарраҿы аԥҳәыс лроль азы лгәаанагара.
"Аԥҳәыс лроль лара ишылҭахыҵәҟьоу иаарԥшуп сҳәар, ииашахаӡом, еиҳарак аҳәса рхаҭа изхымԥо, изыцәшәо ахьырацәоу аҟнытә. Хымԥада, лымҩа аркны, илԥырхагахо ак ыҟоуп ҳәа сызҳәом, аха аҭаацәараҿы аԥҳәыс еиҿылкаауа рацәоуп, лгәаанагарагьы, лаԥшьгарагьы, аха уи аан аҭаацәара реиҳабы дихьыԥшуп, иара дихыԥаны, лара лтәы мацара ҟаҵо лхы илзақәнаргаӡом. Еивагыланы ауп аҭаацәара шымҩаԥуго, ус ауп аҳәынҭқарраҿгьы сара сгәанала. Ахаҵа аԥҳәыс џьа днамышьҭуа, дларҟәуа, дылзымхәыцуа далагар аҭаацәараҿы, иара убас аҳәынҭқарраҿы, уи акы иахәоит ҳәа сыҟам. Доусы иара иҭыԥаҿы, идыррала, иԥышәала дыҟазароуп", - азгәалҭеит Хьециаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0