Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лаша Ашәба Валентина Матвиенко Жәларбжьаратәи аҳәса рымш лыдиныҳәалеит

© Foto / Пресс-служба Совета Федерации РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗаседание Совета Федерации РФ
Заседание Совета Федерации РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 8 - Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба Урыстәыла Афедерациа Ахеилак ахантәаҩы Валентина Матвиенко Жәларбжьаратәи аҳәса рымш лыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит Апарламент апресс-маҵзура.
Лаша Ашәба иазгәеиҭеит аныҳәамш Хәажәкыра 8 аҽны ахацәа алшара шрымоу аҳәса иаадырԥшуа абзиабареи, аилкаареи,, рыԥшӡареи, Рыԥсадгьыли рҭаацәеи рахь ирымоу агәыбылреи рзы ҭабуп ахҳәаара.
"Аамҭа иҿыцу акы шаланагалоугьы, акыр шықәсча раԥхьа еиԥш иахьагьы аҳәса аҭынчреи, аинҭәылареи иадгылаҩцәоуп, дареи рхәыҷқәеи, рмоҭацәеи рзы аҭынчԥсҭазаара рҭахәуп. Ҳаҭыр зқәу Валентина Иван-иԥҳа, Шәымшқәа, Урыстәыла аҳәса зегьы есыҽны ааԥынра иацу аԥшӡара шәзеиӷьасшьоит", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2023
Аԥсны
Аслан Бжьаниа аныҳәамш Хәажәкыра 8 Аԥсны аҳәса ирыдиныҳәалеит
Ажәабжьқәа зегьы
0