Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылгоз аицлабра иаиааиз рконцерт хада мҩаԥысит

© Sputnik / Кирилл Каллиников / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОткрытие I Международного конкурса вокалистов и концертмейстеров Хиблы Герзмава
Открытие I Международного конкурса вокалистов и концертмейстеров Хиблы Герзмава - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2023
Анапаҵаҩра
Аицлабра мҩаԥнагон Хьыбла Гьерзмааԥха илтәу Жәларбжьаратәи агәыҳалалратә фонд Акультуратә аԥшьгамҭақәа ирызку Ахада ифонд адгыларала.
АҞӘА, хәажәкыра 9 – Sputnik. Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылгоз аицлабра иаиааиз рконцерт хада мҩаԥысит Москва, Чаиковски ихьӡ зху Аконцерттә зал асценаҿы хәажәкыра 8 азы.
Аконцерт ааиртит амузыкаҭҵааҩ, акомпозитор Иарослав Тимофеев. Иара аҳәса аныҳәамш рыдиныҳәалеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит, Хьыбла Гьерзмаа аҵыхәтәантәи аамҭазы иналукааша апроект хәыцны еиҿылкааит ҳәа.
Фестиваль Koktebel Jazz Party - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.01.2023
Аԥсны
Хьыбла Гьерзмааԥҳа имҩаԥылгоз аицлабраҿы ашәаҳәаҩцәа рыбжьара иаиааиз рыхьӡқәа рҳәеит
Авокалистцәа жәларбжьаратәи реицлабра мызки бжаки раԥхьа ихыркәшахеит, аха иахьа иара аҩбатәи аԥсҭазаара аиуит, Москвеи Урыстәылеи рконцерттә ԥсҭазаара иалахәылахеит.
Тимофеев иҳәеит аконцерт ахәаԥшцәа алшара шроуа ажиури иалахәылоушәа рхы рыԥхьаӡарц, избанзар артист изыӡырыҩны иқәгылара ахә ршьар рылшоит.
"Ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшуп аоператә музыка ҩ-томкны иҟоу ахрестоматиа – аурыс музыкеи аҳәаанырцәтә музыкеи" иҳәеит иара.
Аконцерт хада иалахәын: Гульдана Алдадосова, Ольга Маслова, Екатерина Савинкова, Мариа Лупарева, Жаргал Цырендагбаева, Дамир Садуахасов, Виачеслав Васильев, Иунхан Дон, Алексеи Кулагин, Глеб Периазев, Хоу Ливеи.
Аконцерт апрограммаҿ иҟан аурыси аҳәаанырцәтәии акомпозиторцәа рариақәа. Дара мҩаԥнагон Арифа Дадашева напхгара зылҭо Москватәи афилармониа асимфониатә оркестр.
Хьыбла Гьерзмааԥҳа лмузыкатә еицлабра мҩаԥысуан ажьырныҳәа 13-20 рзы. Аицлабра анагӡаҩцәа қәыԥшцәа ирнаҭоит алшара еицырдыруа аоператә сценақәа рҿы ақәгылара, ашәаҳәаҩ лфонд еиҿнакаауа аконцертқәа рылахәхара.
Ажәабжьқәа зегьы
0