Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2023 шықәсазы Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала аныҟәара хацыркхоит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтобус единой транспортной системы.
Автобус единой транспортной системы. - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2023
Анапаҵаҩра
"Иаку абилеҭ" асистема 2017 шықәсазы иалагалан. Иара иалнаршоит апассаџьырцәа адокументқәа рацәаны рхарҭәаара рықәымшәарц.
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. 2023 шықәса мшаԥы 30 анахыс Урыстәылантә Аԥсныҟа "иаку абилеҭ" ала аныҟәара хацыркхоит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атранспорт аминистрра.

"Апассаџьырцәа рымҩангара мҩаԥгалахоит аихамҩатә аангыларҭа "Адлер" аҿи Шәача аҳаиртә баӷәазаҿи атранспорт еиҭакны, мшаԥы 30 инаркны цәыббра 30 рҟынӡа Аԥсны ақалақьқәа Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон Ҿыц, Аҟәа рахь", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Сынтәа абилеҭқәа рыхә шьҭыҵит: Шәача-Гагра – 582 мааҭ, Шәача-Пицунда - 643 мааҭ, Шәача-Гәдоуҭа - 675 мааҭ, Шәача-Афон - 749 мааҭ, Шәача-Аҟәа - 806 мааҭ.
Иаку абилеҭ уажәнатә аахәараз алшарақәа ыҟоуп. Абилеҭқәа "адәыӷба+автобус" изҭаху рзы иҟоуп аихамҩатә вокзалқәа ркассақәа рҿы, АЕ "Афедералтә пассаџьыртә еилахәыра" аҳақәа ма УАМ асаитқәа рҿы, абилеҭқәа "аҳаирплан+автобус" Атранспорттә клирингтә палата аҳақәа рҿы раахәара ҟалоит.
"Иаку абилеҭ" – иаку транспорттә документк ала амаршрут зегьы аҿы ахархәара алнаршоит. "Иаку абилеҭ" ала Аԥсныҟа иаауеит 2017 шықәса раахыс.
2022 шықәсазы абри аформала ареспублика иаҭааит ԥшь-нызқьҩык урыстәылауаа. Ари ҩынтә еиҳауп 2021 шықәсазы иааз раасҭа.
Ажәабжьқәа зегьы
0