https://sputnik-abkhazia.info/20230310/khra-zlou-akhysa-shalashaa-aekonomika-ariarazy-asny-akhada-iny-imagaz-aiylara-iazkny-1044551086.html
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа аекономика аҿиаразы Аԥсны ахада иҟны имҩаԥгаз аиԥылара иазкны
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа аекономика аҿиаразы Аԥсны ахада иҟны имҩаԥгаз аиԥылара иазкны
Sputnik Аҧсны
Аекономикатә хырхарҭаҿы ихадоу ажәалагалақәа разыҟаҵаразы агәыԥ аустә еилатәара мҩаԥысит. Уи аихшьаалақәа ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҟны Аекономикеи азини... 10.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-10T17:10+0300
2023-03-10T17:10+0300
2023-03-10T17:22+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/0a/1044551618_0:0:1401:789_1920x0_80_0_0_9a801037c0939552b7458fb1b0277e1e.jpg
Хра злоу ахҭысқәа: Шалашьаа аекономика арҿиаразы Аԥсны ахада аҟны имҩаԥгаз аиԥылара иазкны
Sputnik Аҧсны
Хра злоу ахҭысқәа: Шалашьаа аекономика арҿиаразы Аԥсны ахада аҟны имҩаԥгаз аиԥылара иазкны
Аекономика арҿиаразы ихадоу ажәалагалақәа разыҟаҵаразы агәыԥ аусутә еилатәара мҩаԥган Аԥсны ахада инапхгарала. Уи иалахәын аҭҵаарадырратә еилазаара ахаҭарнакцәа, анаплакҩцәа, аекономикеи, абанктә уси рекспертцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, еиуеиԥшым ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи. Аилатәара иалахәыз Аԥсны аекономика аҿиара ахырхарҭа хадақәа ралкааразы дасу ргәаанагара рҳәеит. Иқәгылаз ражәалагалақәа ҳасаб рзуны, Аԥсны Ахада адҵа ҟаиҵеит ҳазҭоу ашықәс хәажәкыра 14 иахымгакәа Аустә гәыԥ аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ даҭазарц.Шьалашьаа иазгәеиҭеит, ҩышықәса раԥхьа атәыла ахада иҟны ишеиҿкааз Аԥсны аекономика арҿиаразы аусутә гәыԥ, уажәтәи аиԥылара иаҳа инарҭбааны имҩаԥган ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәагьы алархәны. Уаҟа ишьҭыхын азҵаарақәа жәпакы, аҵарауаҩ иажәақәа рыла, Азини аекономикеи ринститут аҟны аус адырулоит, иҟоуп аекспертиза иахыжьны изылгахьоугьы."Аԥхьа иргыланы Гал араион ҭаҳҵааит, уа ахсаала шьақәҳаргылеит адгьыл иалҵуа, иҟоу амалқәа. Уи атәыла ахада иҟны инаганы иқәҵоуп ақьаад. Аҭҵаарадырра аганахьала иҭҵааны иҟоуп, ахсаалақәа ҩба-хԥа адгаланы. Убасгьы ақыҭақәа рырҿиаразы, пхьаҟа ацаразы ҳәа апроектқәа ҟаҵаны иҳамоуп. Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәылиа даҳзааит ҳинститут аҟны, мчыбжьык аус еицаҳуит. Убри апилоттә проект ҳәа ззуҳәо ақыҭақәа зегьы ирылаурҵәартә иҟоуп. Абри ажәытәан ишыҟаз, хыхьынтәи инарышьҭуа адҵақәа ҵаҟа инаргыӡо ҳәа акәымкәа, ақыҭақәа рҟынтәи араионқәа рахь, уаантәи ареспубликахь иаауа иҟалароуп. Убас қыҭацыԥхьаӡа иҟарҵар, аҳәынҭқаррагьы иазыманшәалоуп апрограммақәа рышьақәырӷәӷәара. Апрограмматә документқәа ҟалар аҭҵаарадырра аганахьала, аус аӡбара иаҳа иманшәалахоит", - иҳәеит Шьалашьаа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/0a/1044551618_0:0:1333:1000_1920x0_80_0_0_c49b341e10f632df3fa3352bb0128cba.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Хра злоу ахҭысқәа: Шьалашьаа аекономика аҿиаразы Аԥсны ахада иҟны имҩаԥгаз аиԥылара иазкны
17:10 10.03.2023 (ирҿыцуп: 17:22 10.03.2023) Аекономикатә хырхарҭаҿы ихадоу ажәалагалақәа разыҟаҵаразы агәыԥ аустә еилатәара мҩаԥысит. Уи аихшьаалақәа ҟаиҵеит арадио Sputnik аефир аҟны Аекономикеи азини ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа.
Аекономика арҿиаразы ихадоу ажәалагалақәа разыҟаҵаразы агәыԥ аусутә еилатәара мҩаԥган Аԥсны ахада инапхгарала. Уи иалахәын аҭҵаарадырратә еилазаара ахаҭарнакцәа, анаплакҩцәа, аекономикеи, абанктә уси рекспертцәа, аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи, еиуеиԥшым ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи. Аилатәара иалахәыз Аԥсны аекономика аҿиара ахырхарҭа хадақәа ралкааразы дасу ргәаанагара рҳәеит. Иқәгылаз ражәалагалақәа ҳасаб рзуны, Аԥсны Ахада адҵа ҟаиҵеит ҳазҭоу ашықәс хәажәкыра 14 иахымгакәа Аустә гәыԥ аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ даҭазарц.
Шьалашьаа иазгәеиҭеит, ҩышықәса раԥхьа атәыла ахада иҟны ишеиҿкааз Аԥсны аекономика арҿиаразы аусутә гәыԥ, уажәтәи аиԥылара иаҳа инарҭбааны имҩаԥган ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәагьы алархәны. Уаҟа ишьҭыхын азҵаарақәа жәпакы, аҵарауаҩ иажәақәа рыла, Азини аекономикеи ринститут аҟны аус адырулоит, иҟоуп аекспертиза иахыжьны изылгахьоугьы.
"Аԥхьа иргыланы Гал араион ҭаҳҵааит, уа ахсаала шьақәҳаргылеит адгьыл иалҵуа, иҟоу амалқәа. Уи атәыла ахада иҟны инаганы иқәҵоуп ақьаад. Аҭҵаарадырра аганахьала иҭҵааны иҟоуп, ахсаалақәа ҩба-хԥа адгаланы. Убасгьы ақыҭақәа рырҿиаразы, пхьаҟа ацаразы ҳәа апроектқәа ҟаҵаны иҳамоуп. Ҷлоу ақыҭа ахада Аслан Сангәылиа даҳзааит ҳинститут аҟны, мчыбжьык аус еицаҳуит. Убри апилоттә проект ҳәа ззуҳәо ақыҭақәа зегьы ирылаурҵәартә иҟоуп. Абри ажәытәан ишыҟаз, хыхьынтәи инарышьҭуа адҵақәа ҵаҟа инаргыӡо ҳәа акәымкәа, ақыҭақәа рҟынтәи араионқәа рахь, уаантәи ареспубликахь иаауа иҟалароуп. Убас қыҭацыԥхьаӡа иҟарҵар, аҳәынҭқаррагьы иазыманшәалоуп апрограммақәа рышьақәырӷәӷәара. Апрограмматә документқәа ҟалар аҭҵаарадырра аганахьала, аус аӡбара иаҳа иманшәалахоит", - иҳәеит Шьалашьаа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.