Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Баҭал Ҷежьиа абокс азы Урыстәыла ачемпион ихьӡ даԥсахеит

© screenshot / Матч ТВБАтал Чежия
БАтал Чежия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2023
Анапаҵаҩра
Баҭал Ҷежьиа диндаҭлон Урыстәыла аспорт азҟаза, Аҩада Кавказтәи Афедералтә округ аҿы апрофессионалтә бокс азҟаза Мурад Далхаев.
АҞӘА, хәажәкыра 13 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Баҭал Ҷежьиа абокс азы Урыстәыла ачемпион ихьӡ даԥсахеит, Мурад Далхаев техникатә нокаутла дииааины.
Аицлабра аҵанакуан аҩбатәи абжьаратә капан змоу рыбжьара. Аиндаҭлара зегьы иалагӡаны аԥснытәи аспортсмен дызҿагылаз диеиӷьны ихы ааирԥшуан, изныкымкәа икылкааны дисуан.

Аԥшьбатәи араунд аан Ҷежьиа Далахаев анокдаун ахь дишьҭит, уи ашьҭахь аӡбаҩ аиндаҭлара ааникылеит, избанзар икаҳаз уаҳа аисра илшомызт. Убас ала, Баҭал Ҷежьиа техникатә нокаутла аиааира игеит.

Ари аиааира иара Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәеи иҭахаз ргәалашәареи ирзикит.
Аиндаҭлара мҩаԥысуан Москва, Ауниверсалтә спорттә комплекс "Крылья советов" аҿы.
Баҭал Ҷежьиа – ИАРи аславиан тәылақәеи рчемпион ититул имоуп ажурнал "Про Бокс" аверсиала. Апрофессионалтә ринг аҿы 17 еиԥылара мҩаԥигахьеит. Урҭ рҟынтәи 12-нтә даиааит, 2-еиҭахарак имоуп, 3-нтә даҵахеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0