Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Краснодартәи аҳазалхыҩцәа Аԥснынтәи аконтрабандатә ҭыҭын аалыҵ ааныркылеит

© Foto / пресс-служба Краснодарской таможни по городу Сочи Контрабанда сигарет
Контрабанда сигарет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ицоз автомашьына ааныркылеит Краснодартәи аҳазалхыҩцәа.
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Урыстәылатәи аҳазалхыҩцәеи Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаҩцәеи иааныркылеит 800 ҭоԥ асигарет зҭаҵәахыз автомашьына. Аалыҵ закәаншьаҭада атәыла алагалараз аҽазышәаара ҟаҵан ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхарҭа.

Аконтрабандатә 16 260 цыра асигарет акцизда аидараҭаҵарҭаҿ акәыр иҭаҵәахын. Аҭыҭын аалыҵи автомашьынеи рымхуп, административтә ус хацыркуп.

2023 шықәса аҩнуҵҟа закәаншьаҭада аконтрабандатә сигарет аҳәаа ахыгаразы 206 административтә ус хацыркын, ирымхын 18000 ҭоԥ (352000 цыра) аҭыҭын, зыхәԥса 2 млн мааҭ инаӡо.
Ажәабжьқәа зегьы
0