Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҳәынҭдума атәанчахәқәа рырхынҳәразы Урыстәылеи Аԥсни рыԥкаанҵа апроект иазыразхеит

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМосква во время режима повышенной готовности из-за коронавируса
Москва во время режима повышенной готовности из-за коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа тәанчахәыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2015 шықәса мшаԥы 14 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Аҳәынҭқарратә Дума зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩцәа ртәанчахәы зго рыуацәа, урҭ рыԥсҭазаара ишалҵыз азы адырра ҟазымҵаз ироуз ашәарақәеи ашәарацҵақәеи аԥснытәи аган иархынҳәразы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьараз аиқәшаҳара аԥсахрақәа рзы аԥкаанҵа аратификациа аднакылеит.
Адокумент иазԥхьагәанаҭоит зыԥсҭазаара иалҵыз атәанчаҩцәа ртәанчахәы зго рыуацәа, урҭ рыԥсҭазаара ишалҵыз азы адырра ҟазымҵаз ироуз ашәарақәеи ашәарацҵақәеи аԥснытәи аган иархынҳәрц. Анаҩс арҭ аԥарақәа рылгара алшоит.
2015 шықәса инаркны 2022 шықәсанӡа иацҵаны иргаз атәанчахәы 24,3 млн мааҭ ыҟоуп - 19,6 миллион мааҭ инеиҳаны атәанчахә хаҭақәа, 4,7 миллион мааҭ ашәарацҵа.
Уи адагьы аԥсахрақәа рзырхоуп аганқәа еимырдо аинформациа амаӡара, иара убасгьы аиқәшаҳаҭра аганахьала Урыстәылатәи Афедерациа ахыдҵақәа рынагӡаразы ихымԥадатәиу аидарақәа аҳәаа рахыгараан ԥкырак аҟамҵара, иазԥхьагәаҭоуп атәанчахәқәа рышьақәыргылареи ршәареи рзы атәылауаа адокументқәеи здызкыло урыстәылатәи аган аусзуҩцәа рнапынҵақәа рынагӡаразы Аԥсны аҵакыраҿ рыҟазаараан ашәахтәқәа, абаџьқәа, аизгақәа ршәараҟынтә рых рақәиҭтәра.
Ажәабжьқәа зегьы
0