https://sputnik-abkhazia.info/20230315/zkhyshra-zmyryz-reduan-agrba-eibashra-a-dshaazi-asny-aaatsara-shaiazi-iazkny----1044639417.html
Редуан Агрба: ҳҭахозар, ҳаԥсадгьыл аҿы анышә ҳашәҭа ҳәа ақьаад ҳнапы анаҳҵеит
Редуан Агрба: ҳҭахозар, ҳаԥсадгьыл аҿы анышә ҳашәҭа ҳәа ақьаад ҳнапы анаҳҵеит
Sputnik Аҧсны
2023 шықәса рзы 30 шықәса ҵуеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәаразы аилак аԥҵоижьҭеи, иара убас 30 шықәса ахыҵуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан игаз Аиааира. Убри... 15.03.2023, Sputnik Аҧсны
2023-03-15T11:13+0300
2023-03-15T11:13+0300
2023-05-02T15:11+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
арепатриациа
зхьышьҭра змырӡыз
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/0f/1044639263_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_f095dff75e668d4104b22cf77e2e82ec.jpg
Зхьышьҭра змырӡыз: Редуан Агрба Аԥсныҟа еибашьра ҳәа дшаази, ара аҭаацәара шаԥиҵази иазкны
Sputnik Аҧсны
Зхьышьҭра змырӡыз: Редуан Агрба Аԥсныҟа еибашьра ҳәа дшаази, ара аҭаацәара шаԥиҵази иазкны
2023 шықәса рзы 30 шықәса ҵуеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәаразы аилак аԥҵоижьҭеи, иара убас 30 шықәса ахыҵуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан игаз Аиааира. Убри инамаданы арадио Sputnik Аԥсны ихацнаркит ҳџьынџьуаа ирызку апроект "Зхьышьҭра змырӡыз". Аефир аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, урҭ рхәыцрақәа. Иахьатәи ҳфырхаҵа Редуан Агрба иԥсадгьыл ахь дааит Аԥсны аибашьра ианалага. Иара Ҭырқәтәылантәи иааз раԥхьатәи агәыԥ далан. Леон иорден ианашьоуп. Редуан ихылҵшьҭра амҳаџьырра ашықәсқәа раан Ҵабалынтә Қьефқьен инанагаз иреиуоуп. Иара дхәыҷы аахыс иаҳауан иахьынхо рыԥсадгьыл шакәум, ишыҟоу Аԥсны, мышкы зны уахь ихынҳәыр шакәу. Редуан еиҭеиҳәеит дхәыҷы аахыс Аԥсны агәыбылра шикхьаз, анаҩс Аԥсны аибашьра иналага арахь раара шыҟалаз."Усҟан ҳазлаауаз апаспортгьы ҳамамызт. Ицәгьан аҟаҵара. Ҳалагеит ацхыраара аизгара - амаҭәа, аԥара. Жәамш Адаԥазар ҳаҟан, аха ианалымҵы, ҳаиҳабацәа ираҳҳәеит еибашьра ҳцароуп ҳәа, ҳцаны ҳашьцәа ҳрыцхраароуп иҳалшо ала ҳәа. Усҟан 33-ҩык ҳцеит Сҭамԥыл аҳаирбаӷәазахь. Аҳаирплан ҳҭарымҵарц иалагеит. Ҳусқәа дырцәгьеит. Асҟаҩык аҿар ахьцоз рзеилкаауамызт. Агырбак дҳалан, даакьаҿны, шәабацо ҳәа ианҳазҵаа, ҳбаскетболистцәоуп ҳәа реиҳәеит. Уара иарбан баскетболу иухәмаруа ҳәа аниарҳәа, сара смассажҟаҵаҩуп ҳәа реиҳәеит. Х-сааҭк раҟара ҳааныркылеит, аха иаҳаулак ҳаԥрит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Агрба.Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/03/0f/1044639263_75:0:1214:854_1920x0_80_0_0_e661d025ed05e8398fd735a3e9621ea8.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио, арепатриациа, зхьышьҭра змырӡыз
аԥсны, аподкаст, аудио, арепатриациа, зхьышьҭра змырӡыз
2023 шықәса рзы 30 шықәса ҵуеит Аԥсадгьыл ахь архынҳәаразы аилак аԥҵоижьҭеи, иара убас 30 шықәса ахыҵуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан игаз Аиааира. Убри инамаданы арадио Sputnik Аԥсны ихацнаркит ҳџьынџьуаа ирызку апроект "Зхьышьҭра змырӡыз". Аефир аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, урҭ рхәыцрақәа.
Иахьатәи ҳфырхаҵа Редуан Агрба иԥсадгьыл ахь дааит Аԥсны аибашьра ианалага. Иара Ҭырқәтәылантәи иааз раԥхьатәи агәыԥ далан. Леон иорден ианашьоуп.
Редуан ихылҵшьҭра амҳаџьырра ашықәсқәа раан Ҵабалынтә Қьефқьен инанагаз иреиуоуп. Иара дхәыҷы аахыс иаҳауан иахьынхо рыԥсадгьыл шакәум, ишыҟоу Аԥсны, мышкы зны уахь ихынҳәыр шакәу. Редуан еиҭеиҳәеит дхәыҷы аахыс Аԥсны агәыбылра шикхьаз, анаҩс Аԥсны аибашьра иналага арахь раара шыҟалаз.
"Усҟан ҳазлаауаз апаспортгьы ҳамамызт. Ицәгьан аҟаҵара. Ҳалагеит ацхыраара аизгара - амаҭәа, аԥара. Жәамш Адаԥазар ҳаҟан, аха ианалымҵы, ҳаиҳабацәа ираҳҳәеит еибашьра ҳцароуп ҳәа, ҳцаны ҳашьцәа ҳрыцхраароуп иҳалшо ала ҳәа. Усҟан 33-ҩык ҳцеит Сҭамԥыл аҳаирбаӷәазахь. Аҳаирплан ҳҭарымҵарц иалагеит. Ҳусқәа дырцәгьеит. Асҟаҩык аҿар ахьцоз рзеилкаауамызт. Агырбак дҳалан, даакьаҿны, шәабацо ҳәа ианҳазҵаа, ҳбаскетболистцәоуп ҳәа реиҳәеит. Уара иарбан баскетболу иухәмаруа ҳәа аниарҳәа, сара смассажҟаҵаҩуп ҳәа реиҳәеит. Х-сааҭк раҟара ҳааныркылеит, аха иаҳаулак ҳаԥрит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Агрба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.