Асад Путин иԥылараан Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда дшадгыло атәы иҳәеит

© Sputnik / Владимир Гердо/POOL / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПереговоры президента РФ В. Путина с президентом Сирии Б. Асадом
Переговоры президента РФ В. Путина с президентом Сирии Б. Асадом - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2023
Анапаҵаҩра
Асад Москваҟа дааит ахашаҽны, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит. Кремль адыррала, аганқәа алацәажәоит урыстәыла-шьамтәылатәи аусеицура аҿиара азҵаарақәа.
АҞӘА, хәажәкыра 15 - Sputnik. Шьамтәыла ахада Башар Асад урыстәылатәи иколлега Владимир Путин иԥылараан Урыстәыла Украина имҩаԥысуа аоперациа ҷыда дшадгыло атәы иҳәеит.
"Аҭагылазаашьа схы иархәаны иазгәасҭарц сҭахуп Шьамтәыла аоперациа ҷыда ишадгыло", - иҳәеит Шьамтәыла ахада.
Иара убасгьы иҳәеит адунеи аҿы аҭагылазаашьа аҭынчра ишазгәыҳәуа. Шьамтәыла ахада Шьамтәыла атерроризм аҿагылараан урыстәылатәи апозициа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит.
"Шьамтәылатәи ажәлар рыхьӡала ҭабуп ҳәа ахысҳәаар сҭахуп еиҭакра змам шәпозициа – Шьамтәыла атерроризм аҿагылараҿ, аҵакыра акзаараҿ, аҳәаанырцә мчқәа уа рыҟамзаараз агәаанагараҿ", - иҳәеит иара.
Владимир Путин иҳәеит Асади иареи еснагь ишеиныруа, атәылақәа рыҩба реизыҟазаашьақәа аҿиара шрымоу.
"Ҳаҭыр зқәу ахада, агәахәара сымоуп Москва шәахьызбо. Иҭабуп ҳәа ахысҳәаауеит иҟаҳҵаз ааԥхьара ахьшәыдышәкылаз", - иҳәеит Путин.
Асад Москваҟа дааит ахашаҽны, Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит. Кремль адыррала аганқәа алацәажәоит урыстәыла-шьамтәылатәи аусеицура аҿиара азҵаарақәа, Шьамтәыла акәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа аҭышәныртәалараз алшарақәа.
Рабочий визит министра обороны РФ С. Шойгу в Узбекистан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.02.2023
Шоигу аруаа адҵа риҭеит Шьамтәыла адгьылҵысра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ацхыраара ҟарҵарц
Ажәабжьқәа зегьы
0