Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кобахьиа: Марттәи ажәылара ашьҭахь аԥсуаа рыр аҟны амцҳәара маҷхеит

Кобахьиа: Марттәи ажәылара ашьҭахь аԥсуаа рыр аҟны амцҳәара маҷхеит
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны хашҭра зқәым акәны иаанхоит Аҟәа аҭарцәразы 1993 шықәса март 15-16 рзы имҩаԥгаз ажәылара. Урҭ ахҭысқәа згәалашәо аветеранцәа иахьа уажәраанӡа ирцәыуадаҩуп дара рылацәажәара, ирывыршьааз рҩызцәа рыӡбахә аиҭаҳәара. Илыҵшәадахаз ажәылара рҳәоит џьоукы, аиааира зырааигәоз ҳәа азгәарҭоит даҽа шьоукы.
30 шықәса раԥхьа имҩаԥысуаз ахҭысқәа арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит, рыхҳәаа ҟаиҵеит Аԥсны Афырхаҵа, аибашьраан Аԥсны арбџьарымчқәа рартиллериа адҵаҟаҵаҩс иҟаз Аслан Кобахьиа.
"Аибашьра ахы инаркны аҵыхәанӡа сахысит, аха март мзазы ҳаҷкәынцәа иреибашьышьаз, рхаҵара аҩыза уи аамышьҭахь исымбаӡеит. 222-ҩы ҭахеит, убарҭ иреиԥшыз даҽа 500 - 600-ҩык аанхеит. Убарҭ роуп аԥсуа ар ԥхьаҟа изгаз аԥхынтәи ажәылаараан, сентиабртәи аан Аҟәа анҭаҳарцәоз. Арҭ ԥхьагылаҩцәан инакәызаалак. Дара рышьҭахь ҩымш –хымш ҳзыдхалоз март анаҩс, иҟазҭгьы ҩба-хԥа сааҭ рыла ҳахысыр ҟалон. Амза 14 рзы имҩаԥысраны иҟан ажәылара, аха иҟоуп аибашьра иаҵанакуа иаҳзымҳәо аҭагылазаашьақәа. Урҭ Владислав Арӡынба дрыламцәажәазар, сара алацәажәара азин сымаӡам. Марттәи ажәылара иаҳнарбаз, иаҳнарҵаз даара ирацәоуп. Аӷа дҳазԥшын, иааҟаҳҵоз зегьы идыруан. Ҳар зегьы неины уахыки-ҽнаки Гәымсҭа аҟәара иқәтәан, иара дхысӡомызт, дҟәыҟәӡа дыԥшны дтәан. Уи ус иузыҵәахомызт ар, дара ԥшын ианхыҵоз ҳәа. Артиллериа атәы сҳәозар, ҳара уахыки-ҽнаки ақырҭцәа реихсра ҳаҿын ҳармчқәа мцаӡакәа. Изымцоз атәы са исыздыруамызт усҟан. Ҳар андәықәла, аџьаԥҳаны ҳацәмаҷхеит ", - иҳәеит Кобахьиа.
Аԥсны Афырхаҵа ицәажәараҟны иазгәеиҭеит Марттәи ажәылара анаҩс аԥсуаа рыр аҟны амцҳәара маҷхеит ҳәа.
"Аибашьраҟынгьы амцҳәара рацәоуп. Аԥсҭазаараҟны амц ануҳәо уи аӡәгьы дамгар ҟалоит, аха аибашьраҟны амц ауаҩы дагоит. Амцҳәара маҷхеит, иаҳа ҳҳәоу еиқәшәо, ҳагәреибаго иалагеит, убри аҟынтә ауп аиааира дугьы шыҟалаз",- иҳәеит Кобахьиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0