Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Марттәи ажәылараан иҭахаз рфотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит Гәдоуҭа

© Бадри ЕсиаваПамять воинов, погибших в Мартовском наступлении, почтили в Гудауте
Память воинов, погибших в Мартовском наступлении, почтили в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2023
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 15 – 16 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа Аҟәа ақырҭуа ар рҟынтәи ахақәиҭтәразы ажәылара мҩаԥыргеит, аха иара лҵшәадахеит.
ГӘДОУҬА, хәажәкыра 16 – Sputnik, Бадри Есиава. 1993 шықәса марттәи ажәылараан иҭахаз аибашьцәа рфотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит Гәдоуҭа, Сергеи Дбар ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә музеи аҟны.
Амузеи адиректор Гәыгәыца Џьыкырԥҳа илҳәеит ацәыргақәҵахь ишнагоу 189 фотосахьеи зфотосахьақәа ԥшаам 33-ҩык Нхыҵ Кавказынтәи еибашьуаз рыхьӡқәеи рыжәлақәеи зҭасоу арамкақәа. Ацәыргақәҵа аартра иалахәын иҭахаз рҭаацәа, ргәакьацәа. Ацәыргақәҵа далахәын Алики Гурами рашьа иԥа Алик Багаҭелиа. Иара иаб иашьа ихьӡ ихьӡуп. Алик Багаҭелиа амузеи иаиҭеит, иаб иашьцәа иранаршьаз "Леон" иорденқәа ҩба.
© Бадри Есиава

Марттәи ажәылараан иҭахаз рфотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит Гәдоуҭа

Марттәи ажәылараан иҭахаз рфотосахьақәа рцәыргақәҵа мҩаԥысит Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны
1/2

2/2

"Дара хәажәкыра 16 рзы фырхаҵарыла иҭахеит. Ианҭаха ашьҭахь "Леон" иорденқәа ранашьахеит. Амузеи иасҭарц сҭахуп. Сгәы иаанагоит ҳҭоурых адырразы еиҵагыло аҿар рзы ихәарҭахоит ҳәа", - иҳәеит Багаҭелиа.
Гәыгәыца Џьыкырԥҳа илҳәеит амузеи аҿы ишыҟоу Алики Гурами Багаҭелиаа зларааӡаз агарагьы.
Марттәи ажәылара 30 шықәса ахыҵра амш азы иаартын аҽа експонаткгьы – амузеи ашьҭахь игылоу, хыла ирӷӷоу аихатәгәашә.
Ахьаа ду зцу амшқәа: марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит Гәдоуҭа - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.03.2023
Ахьаа ду зцу амшқәа: Гәдоуҭа марттәи ажәылараан иҭахаз ргәаладыршәеит
Џьыкырԥҳа лажәақәа рыла, ари агәашә Ачадара ақыҭаҿ ҩнык агәара иҿан. Аԥсуаа ақырҭуа позициақәа ианрыжәлоз аӷа ипозициақәа иргәылылеит. Аԥсуаа ирзыԥшымыз аӷа арҭ агәашәқәа аартны ажәылара дахьымӡеит. Агәашә дырӷӷон наҟ-ааҟгьы еивыҟьҟьоз ахқәа. Ари аҭыԥ аҿы заҟаҩ ҭахаз ҳәа аинформациа ыҟам.
Ажәабжьқәа зегьы
0