Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны COVID-19 аҽышьҭыхра иаҿуп

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВ Казани запустили проект по разработке вакцины от коронавируса
В Казани запустили проект по разработке вакцины от коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2023
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 6-17 рзы Аԥсны иазгәаҭан COVID-19 76 хҭыс. Аӡәы иԥсҭазаара далҵит акоронавирустә ҿкы изыннажьыз ахҟьаԥҟьақәа ирыхҟьаны.
АҞӘА, хәажәкыра 18 - Sputnik. Аԥсны COVID-19 аҽышьҭыхра иаҿуп. Абри атәы арадио Sputnik аҿы илҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева.
Хәажәкыра 6-17 рзы Аԥсны иазгәаҭан COVID-19 76 хҭыс. Урҭ рахьтә ԥшьҩык хәажәкыра 13 рызтәи аҭагылазаашьала рҭагылазаашьа уажаҩны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп, аӡәы иԥсҭазаара далҵит акоронавирустә ҿкы изыннажьыз ахҟьаԥҟьақәа ирыхҟьаны. Ари акоронавирус иахҟьаз раԥхьатәи ԥсыҭбароуп абҵарамза аахижьҭеи.
“Рыцҳарас иҟалаз, акоронавирус иахҟьаны аӡәы иԥсҭазаара далҵит, уи 70 шықәса дырҭысхьан. Уаанӡеиԥш иахьа уажәраанӡагьы COVID уадаҩны ирхыргоит зықәрахь инеихьоу, ахроникатә чымазарақәа змоу, ашьақарчмазара змоу, ажьы зку ауаа. Абарҭ ауаа COVID еиԥшгьы, егьырҭ авирустә чымазарақәа еиҳа ирыдаапкылоит", - ҳәа азгәалҭеит Белиаева.
Убри аан акоронавирус зыхьуа рхыԥхьаӡара еиҳазар ауеит, избанзар аӡәырҩы аекспресс-тестқәа ҟарҵоит, аҽгәаҭаразы ахәышәтәырҭақәа ирыдҵаалаӡом.
Белиаева ауаа иргәалалыршәеит ршоура шьҭыҵзар, ма даҽа симптомқәак рхы иадырбалазар, рҽыԥхьакны, аковид азы анализ арҭароуп. Уи ҟарҵар рылшоит Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы мамзаргьы Асанепидеммаҵзура алабораториаҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0