Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Занҭариаԥҳа Очамчыра ачамгәыр аҟаҵаразы: аҟазацәа ҳамазар ҳҭахуп

Занҭариаԥҳа Очамчыра ачамгәыр аҟаҵаразы: аҟазацәа ҳамазар ҳҭаху
Анапаҵаҩра
Ачамгәыр аҟаҵара иалагеит Очамчыратәи ақәыԥшцәа рыҩнаҿы. Ари апроект шыӡбахази, насгьы аҿар амилаҭтә арҳәагақәа рыҟаҵара аус ишадыԥхьалахои атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ақәыԥшцәа рыҩны аиҳабы Селма Занҭариаԥҳа.
"Ҳара акыр ҵуеит ас еиԥш апроект ҳазҿлымҳаижьҭеи. Аԥсны амилаҭтә арҳәагақәа ҟазҵо ҟазак иоуп. Иаҳҭахын даҽаӡә дыҟазаргьы. Араион аҿы дҳамоуп Беслан Воуба ҳәа аҟаза, иара ианидаҳгал ахәыҷқәа ачамгәыр аҟаҵара дырҵара аус, дақәшаҳаҭхеит. Уи изымхоз аԥышәа ирҳәаит аҟаза Арухаа (Уасил - аред.) иҿы", - ҳәа еиҭалҳәеит Занҭариаԥҳа.
Селма аиҿцәажәараҿы илҳәеит араион аҿы ишыҟам ибжьаратәу азанааҭқәа ахьыддырҵаша аҵараиурҭа, убри аан уи зда ԥсыхәа ыҟам ҳәа дахәаԥшуеит. Ибжьаратәу азанааҭқәа рахь ихьарԥштәуп аҿар, иреиҳаӡоу аҵараиурҭахь изымцо рацәаҩуп ҳәа азгәалҭеит лара.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0