00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Қәҭарба: зыԥсадгьыл иқәырцаз ауаҩы уи ахьчараз ҽакала агәаҳәара инаҭоит

Зхьышьҭра змырӡыз: Ерқан Қәҭарба иџьынџь ахь иаара шыҟалаз аҭоурых иазкны
Анапаҵаҩра
2023 шықәса рзы 30 шықәса ҵуеит Аԥсадгьыл ахь ахынҳәаразы аилак аԥҵоижьҭеи, иара убас 30 шықәса ахыҵуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьраан игаз Аиааира. Арадио Sputnik апроект "Зхьышьҭра змырӡыз" аҿы ишәаҳар шәылшоит Аԥсныҟа ихынҳәыз ҳџьынџьуаа рҭоурыхқәа, рхәыцрақәа.
Ерқан Қәҭарба Аԥсныҟа даахьан аибашьра ҟалаанӡа. Иара ауниверситет аҿы аҽазыҟаҵаратә курсқәа дырхысуан аҭаларазы, убри аан атәылаҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ибон. Аԥхын аԥсшьарамшқәа раан Ҭырқәтәылаҟа дшыҟаз ауп аибашьра ианалагаз. Иԥхасшьоит иахьысҳәо, аха Ҭырқәтәылантә еибашьра иааз раԥхьатәи агәыԥ сзацмааит, ԥарала сеиқәшәамызт, аха сбылуан, уи лбон сангьы ҳәа еиҭеиҳәеит Ерқан аибашьра ишалагаз атәы ажәабжь шиаҳаз игәалаиршәауа.
Ерқан еиҭеиҳәеит аԥсуаа Ҭырқәтәыла иаламӡҩарц иаԥшьыргоз атәы. Усҟан ассимилиациа ӷәӷәа ыҟан, аԥсылманра ахьныҟәаҳгоз азы дара ртәқәа ҳакәызшәа ԥхьаӡаны амилаҭтә дырра зыхьчашаз азинқәа ҳарымҭаӡеит иҳәеит иара.
"Хыхьчаратә методикас ирымаз ақыҭақәа рҿы еизааигәаны иахьынхоз акәын. Ижәдыруеит, аԥсуаа рҿы қыҭак еицатәу аҭыԥҳа дысгәаԥхеит аҳәара азин ыҟамызт, аха усҟан еизааигәазаргьы, еицәыхаразаргьы, аԥсуа қыҭақәа еибабаны, аԥсуа ҭыԥҳа дааугар акәын, абас ахеибахьчара ыҟан", - ҳәа иҳәеит Қәҭарба.
Иара игәалаиршәеит ашкол аҿы зны арҵаҩы дылҿагылан Кавказ хылҵышьҭрақәа дышреиуоу атәы шыихьчоз, ус иҟан зегьы, ҳабдуцәа, ҳабацәа Аԥсны аӡбахә уамак идырзомызт, аха зегьы ҳшьа иалан уи ҳәа инаҵишьит Ерқан.
"Ауаҩы игенетика 300 шықәса аҽаԥсахӡом, ауаа шааҳго ҳәа сазхәыцуан арепатриациаҿы аус анызуаз аамҭазы. Уи ишьа иалоуп, дҳарҿыхыр ауп аинформациа изнаганы", - иҳәеит Қәҭарба.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0