Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Вальтер Быҭәба Аҟәа араион аҟны аилацәажәара мҩаԥигеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Милиция
Милиция  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2023
Анапаҵаҩра
Аилацәажәараҟны ирзааҭгылан араион аҿы акриминогентә ҭагылазаашьа, амҩаҿ аҭагылазаашьақәа, акрипторҳаразы амаининг аҿагылара.
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба Аҟәа араион аҟны аилацәажәара мҩаԥигеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра араионтә йщша аиҳабы Русҭам Бжьаниа адырра ҟаиҵеит 2022 шықәсазы араион аҟны аусура ахаҭабзиара ашьҭыхра рыҽшазршәоз, хаҭала ацәгьоурақәа раарԥшреи атәылауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыхьчареи рганахьала.
Иара иажәақәа рыла, ииасыз ашықәс азы араион аҟны иазгәаҭан 40 цәгьоура, 2021 шықәсазы – 48. 2022 шықәсазы 87,5% ацәгьоурақәа аарԥшын.
Рассмотрение ходатайства следствия об аресте А. Величко в Черемушкинском суде - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2023
Аԥсны
Аԥсны амилициа аусзуҩ даанкылоуп анаркотикқәа алаирҵәоит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны
Ацәгьоурақәа рҟынтә 12 ихьанҭоу ҳәа иԥхьаӡан, раарԥшра 72,2% инеиуан. Х-цәгьоурак ауаҩшьра иадҳәалан. Урҭ аарԥшуп. Иара убасгьы иаарԥшын закәаншьаҭада анаркотикқәа раларҵәараз 15 хҭыс.
Бжьаниа иҳәеит амазаратә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа шеиҵахо, 2022 шықәсазы зыҳәазаҵәык ауп аусбарҭахь инашьҭыз, 2021 шықәсазы – 7.
Аминистр Вальтер Быҭәба иазгәеиҭеит атәылауаа арзаҳалқәа рыҩлартә аиԥш ргәы азҭарҵаларц, ацәгьоура ӷәӷәақәа рыҵәахра алшом, аха арзаҳалқәа рмыҩлар, аӷьычрақәеи арҳәрақәеи ныҭкааны астатистика иаҵанамкыр шалшо.
Амҩаҿтәи аҭагылазаашьақәа рганахьала 2022 шықәсазы 20 машәыр аҭыԥ рыман, 2021 шықәсазы – 16. Аиҳарак амашәырқәа ҟалоит ареспубликатә мҩаду 89-95 акилометрқәа рҿы. Зынӡа иазгәаҭан амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа 7920, урҭ рҟынтәи 670 арыжәтә ыжәны аԥсҟы акра иаҵанакуеит.
Аилацәажәараҿы иазгәаҭан ашәарҭадаратә маҟақәа рҵакы, ашколхәыҷқәа рыбжьара аелектронтә сигареҭқәа ралаҵәара, абџьар ашәҟәы аҭагалара, акриптовалиута амаининг аҽагылара.
Майнинг криптовалют - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2023
Аԥсны
ААР аусзуҩцәа мчыбжьык аҩнуҵҟа 22 маининг хархәага рылыргеит
Ажәабжьқәа зегьы
0