Владимир Путини Си Цзиньпини реиҿцәажәара мҩаԥысит Кремль

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча президента РФ В. Путина и председателя КНР Си Цзиньпина
Встреча президента РФ В. Путина и председателя КНР Си Цзиньпина - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путини Китаитәи Жәлар Рреспублика ахада Си Цзиньпини еиԥылеит Кремль, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аиԥылараҟны урыстәылатәи ахада аҳәамҭа ҟаиҵеит, аганқәа ишрылацәажәо русеицуразы еиуеиԥшым ахырхарҭақәа, урҭ иреиуоуп аенергетика азҵаарагьы.

"Урыстәыла КЖәР анефт, агаз, арацәа, афымцамчхара рыла еиқәнаршәоит. Аамҭеихшара инақәыршәаны рыргылара иаҿуп аиадертә аенергетикатә хыбрақәа. Урыстәылатәи абизнес иалшоит еизҳауа Китаитәи аекономика аҭахрақәа рынагӡара- аус зуа апроектқәа рҟны еиԥш, иахьазы излацәажәо рҟынгьы", - иҳәеит Путин.
Аиԥылараҟны апроект "Сила Сибири 2" иазааҭгылеит, уи ацәаҳәақәа рыла урыстәылатәи агаз нашьҭхоит, жәларбжьаратәи аԥареикәыршараҟны амилаҭтә валиута ахархәареи Африкеи, Азиеи, Америкеи ртәылақәа рыбжьара аԥареикәыршараан иуани ахархәареи ирылацәажәеит.
Иара убас Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит, Москва шақәгәыӷуа урыстәылатәи атауарқәа китаитәи аџьармыкьахь рынашьҭра еиҳахап ҳәа.
Уи адагьы, аиԥылараҟны иазааҭгылан аҳәынҭқаррақәа аспорти атехнологиақәеи рхырхарҭақәа рҟны русеицура.
Путини Си Цзиньпини инеиҵыхә реиԥылара иалахәын Урыстәыла Ашәарҭадаратә хеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, ААР рнапхгаҩцәа, Атәылахьчара аминистрра, Центробанк, "Роснефть", "Роскосмос", Аекономҿиара аминистрра уҳәа егьырҭ аусбарҭақәа.
Встреча президента РФ В. Путина и председателя КНР Си Цзиньпина - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2023
Си Цзиньпин Путин Китаиҟа днеиԥхьеит
Ажәабжьқәа зегьы
0