00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
13:00
30 мин
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Арҷелиаԥҳа Аԥсны COVID-19 азы: имарианы ирхыргоит, аха ачымазара ашәарҭара шацыц иаанхоит

Арҷелиаԥҳа Аԥсны COVID-19 азы: имарианы ирхыргоит, аха ачымазара ашәарҭара шацыц иаанхоит
Анапаҵаҩра
Аԥсны COVID-19 аҽышьҭыхра иаҿуп, абри атәы арадио Sputnik аҿы илҳәеит атәыла асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева. Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит ачымазара амҩасшьа зеиԥшроу, насгьы иацу ауадаҩрақәа.
Хәажәкыра 6-17 рзы Аԥсны иазгәаҭан COVID-19 76 хҭыс. Иҟоуп зҭагылазаашьа уадаҩны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоу.
"Аковид ахы цәырнагеит уажәы. Мышкы 10-11-ҩык алыркаауеит. Уаанӡа иара ихьанҭаны ирхыргозҭгьы, уажәы иаҳа ирмарианы, аха, ишакәхалакгьы, аҳақьым ухы иурбароуп, избанзар, ачымазара ашәарҭара ацуп. Зегь реиҳа ихадоу - игәаҭатәуп ауаҩы ишьа. Ауаҩы ишоура шаахалалак, аҳақьым дидҵаалароуп", – ҳәа лҳәеит аҳақьым.
Аковид змоу еиҳарак изыргәамҵуа рхы, рыбӷа хьаа, хәыҷык еимҳәоит, аха агәыҵәкра ӷәӷәаны ирыхьны ҳәа иҟам лҳәеит Арҷелиаԥҳа.
"Еиҳарак 37-38 ихалоит ршоура, рықәра маҷзар, нас ишьақәгылоит. Зықәрахь инеихьоу 6-7 мшы ршоура анымтәо ыҟоуп. Аковид иахҟьаны агәыҵәкра змоу шьҭаҳҵоит Гәдоуҭатәи агоспиталь аҿы, ус ԥҟараны иҳамоуп. Егьыс, зшоура халаз аполиклиникахь днеироуп, асабрада ихаҵаны", - лҳәеит Арҷелиаԥҳа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0