Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны лаҵарамзатәи аныҳәақәа рзы заанаҵ аҭыԥқәа ҿазҵо аԥсшьацәа рхыԥхьаӡара ҩынтә еиҳахеит

© Sputnik / Томас ТхайцукСемейный отдых в Абхазии
Семейный отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 22 – Sputnik. Атуристтә еилахәыра "Алеан" адыррақәа рыла лаҵарамзатәи аныҳәақәа рзы заанаҵтәи аҿаҵарақәа рхыԥхьаӡара иацлоит. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит атуреилахәыра аԥснытәи ахырхарҭа анапхгаҩы Сергеи Косилов.
Косилов иажәақәа рыла, 2022 шықәса иаҿырԥшны заанаҵтәи аҿаҵарақәа ҩынтә еиҳахеит.
"Убри аан иазгәаҭатәуп аиҳарак арахь ишаҵанакыз аныҳәақәа рзы ахәԥсақәа лазырҟәыз аотельқәа. Аӡыргарақәа рыцхыраарала ахәқәа рыларҟәра алдыршеит", - иҳәеит иара.
Аԥсны ибиуџьеттәу курортны ишьоуп, атуристцәа иалырхуеит лаҵарамзатәи аныҳәақәа раангьы иҳәеит Сергеи Косилов.
Иааидкыланы арҭ аныҳәамшқәа рзы ҩыџьа рыԥсы ршьар ауеит 20 000 мааҭ ҳәа иҳәеит атуреилахәыра "Алеан" аԥснытәи ахырхарҭа анапхгаҩы Сергеи Косилов.
Отдых в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2023
Аԥсны
Аԥсны аԥхынраз аԥсшьараз заанаҵтәи аҿаҵарақәа рзыҳәақәа ҳаракхеит
Ажәабжьқәа зегьы
0