Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ацәыргақәҵа "Аԥсуа ҿықә" аатит Волгоград

© Sputnik / Томас ТхайцукРабота Дианы Хинтба "Встреча"
Работа Дианы Хинтба Встреча - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2023
Анапаҵаҩра
Ацәыргақәҵаҿы иаарԥшуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа- аҿыханҵа, аграфика, афотоҭыхымҭақәа.
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Акультура-арккаратә проекти ацәыргақәҵа "Аԥсуа ҿықәи" аатит Машков ихьӡ зху Волгоградтәи аҿыханҵатә ҟазара амузеи аҟны, абри атәы еиҭалҳәеит апроект автор Альбина Иаруллина.
""Аԥсуа ҿықә"- бзиа избаз, соузмышьҭуа Аҟәа иадыргоуп. Абри ақалақь ала иалагеит сара абри атәылахь исоуз азҿлымҳара. Зеиԥш ыҟам тәылоуп, иссируп ауаа. Аԥсуа жәлар рҭоурых ҵаулоуп, иҭбаауп, ибеиоуп. Зкультура ӡырызго аԥсуа ҟазацәа рҭоурых иазхьаԥшырц сҭахәуп", - лҳәеит Иаруллина.
Вид на Сочинский художественный музей - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2023
Аԥсны
Шәачатәи амузеи аҟны аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рҟазаратә еиԥылара мҩаԥгахоит
Апроект автор лажәақәа рыла, ацәыргақәҵа аиҿкаара ауадаҩрақәа ацын.
Ацәыргақәҵаҟны иаарԥшуп Баҭал Џьапуа, Диана Воуба, Адгур Амԥар, Апшьа Ҳагба, Диана Хынҭәба, Алан Воуба, Наала Аҩӡба, Сабина Кәарҷелиа, Саида Кәыҵниа, Арсоу Берзениа, Сандро Жеткар, Николь Барцыц русумҭақәа.
Ацәыргақәҵа аартызаауеит мшаԥы 24 рҟынӡа. Уажәаԥхьа иара мҩаԥган Шәача, Ростов-на Дону. Апроект хықәкыс иамоуп Аԥсны акультуратә ҭынха аӡыргара.
Ажәабжьқәа зегьы
0