Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шәачатәи амузеи аҟны аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рҟазаратә еиԥылара мҩаԥгахоит

© Sputnik / Нина ЗотинаВид на Сочинский художественный музей
Вид на Сочинский художественный музей - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аԥшьа Ҳагԥҳаи Диана Хынҭәԥҳаи русумҭақәа рцәыргақәҵа аатит Дмитри Жилински ихьӡ зху Шәачатәи асахьаркыратә музеи аҟны хәажәкыра 1 азы.
АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аԥшьа Ҳагԥҳаи Диана Хынҭәԥҳаи рҟазаратә еиԥылара мҩаԥгахоит апроект "Аԥснытәи аԥшаҳәа" аҳәаақәа ирҭагӡаны амҽыша, хәажәкыра 12 рзы Дмитри Жилински ихьӡ зху Шәачатәи асахьаркыратә музеи аҟны. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит апроект автор Альбина Иаруллина.
Морской вокзал в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.02.2023
Аԥсны
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Аԥшьа Ҳагԥҳаи Диана Хынҭәԥҳаи рцәыргақәҵақәа Шәача имҩаԥгахоит
Хәажәкыра 1 азы Шәача амузеи аҟны иаатит Аԥшьа Ҳагԥҳаи Диана Хынҭәԥҳаи русумҭақәа рцәыргақәҵа. Уаҟа ицәыргоуп Аҟәа аԥара Амузеи азы ҷыдала иҟарҵаз русумҭақәа "Антикатәи ауаа" аколлекциа.
"Асахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа злахәыз раԥхьатәи ацәыргақәҵа ашьҭахь, ахәаԥшцәа азҿлымҳара ӷәӷәа арҭеит. Уи ашьҭахь исыӡбеит аҟазаратә еиԥылара аиҿкаара", - ҳәа лҳәеит Иаруллина.
Иаруллина лажәақәа рыла, аиԥылара мҩаԥысуеит иаарту аформат ала, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәеи ахәаԥшцәеи реицәажәарала.
"Хымԥада, исҭахуп асахьаҭыхыҩцәа изҿу рыпроектқәа ртәы еиҭарҳәар. Сара издыруеит арҭ аҟазауаа рыграждантә позициа шеилашуа, убри аҟнытә ирҳәашагь рымоуп. Хымԥада Аԥсны аԥара Амузеи атәгьы иазааҭгылоит", - ҳәа азгәалҭеит аусмҩаԥгатә аиҿкааҩ.
"Антикатәи ауаа" аколлекциа аӡыргарала аиԥылара мҩаԥгахоит асааҭ 13:00 рзы.
"Аԥснытәи аԥшаҳәа" - акультура-арккаратә проектуп, хықәкысгьы иамоуп Аԥсны акультуратә ҭынха аӡыргара. Апроект аусура хацнаркит 2022 шықәсазы. Усҟан ацәыргақәҵақәа мҩаԥган Шәачеи Ростови.
Ажәабжьқәа зегьы
0