Путини Ердогани арыц азы аилаӡара иалацәажәеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин провел заседание Совета по развитию гражданского общества и правам человека
Президент РФ В. Путин провел заседание Совета по развитию гражданского общества и правам человека - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2023
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа Владимир Путини Реџьеп Таип Ердогани ҭелла арыц азы аилаӡара иалацәажәеит, абри атәы аанацҳауеит Кремль апресс-маҵзура.
Ердоган Урыстәылантәи афатә-ажәтәи арҵәырақәеи ралгаразы аилаӡара даҽа 60 мшы аҿҳәара анахаразы ирыдыркылаз аӡбамҭа дақәшаҳаҭхеит.
"Аиқәшаҳаҭраҟны иарбоу аилацәажәарақәа зегьы рзы урыстәылатәи аган агәаанагара ҿыӷәӷәала иаарԥшуп", - аҳәоит адырраҭараҟны.
Сухогруз Razoni с украинским зерном в Стамбуле - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2023
Урыстәыла ақәшаҳаҭхеит арыц азы аилаӡара даҽа 60 мшы аҿҳәара анахара
Аиҿцәажәараҟны атәылақәа рхадацәа реизыҟазаашьақәа арҿиаразы азҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит, иаҳҳәозар, аҵак ду змоу апроектқәа: агаз анашьҭра, Ҭырқәтәыла атомтә фымцастанциа "Аккуи" аргылара. Аполитикатә зҵаарақәагьы ирылацәажәан, хықәкыла Анкареи Дамаски реизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара.
Уи адагьы, Путини Ердогани Ҭырқәтәыла иҟалаз адгьылҵысраан Урыстәыла иҟанаҵаз агуманитартә цхыраара иалацәажәеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0