Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ломиаԥҳа: аԥсуара аныҟәгашьа аҿырԥштәқәа ахәыҷы иблала ибароуп

Ломиаԥҳа: аԥсуара аныҟәгашьа аҿырԥштәқәа ахәыҷы иблала ибароуп
Анапаҵаҩра
Аԥсуара аиқәырхареи, ԥхьаҟа аӡыргареи ирызку апроектқәа ирылацәажәеит Аԥсуа -абаза Адунеизегьтәи аконгресс аҿы. Иахьа изызҳауа абиԥарақәа аԥсыуала рааӡаразы ахьысҳарақәа рырҽеиразы знеишьақәас иаҭаху азы арадио Sputnikа ефир аҟны лгәаанагара лҳәеит Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Нонна Ломиаԥҳа.
"Аԥсуара азҵаара иахьа иалацәажәозар, ишьҭырхзар, уи иахәҭаны ишьҭырхит. Аҟәа ақалақь ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа "Аҵарадырра" аиҳабы Асҭанда Ҭаркьылԥҳа сынтәатәи аҵарашықәс ҳаналагоз зҵаара хаданы ҳаԥхьа иқәлыргылеит аԥсуара шьҭыхны, иарбан усмҩаԥгатәзаалак еиҿкаахо ианҳарԥшырц. Адҵа рыҭан ашколқәа рҟынгьы", - лҳәеит Ломиаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит аԥсуара маҭәарк аҳасабала ашколқәа рҟны алагаларазы аимак-аиҿак шыҟоу.
"Маҭәарк аҳасабала иалоугалар иара арҵаратә план иҳазҭагӡома? Ахәшьара ықәыргылар ииашоума? Абас азҵаарақәа цәырҵуеит. Аԥсуара иаҵанакуа ахәыҷқәа ателехәаԥшраҟны, атеатр аҿы, шәҟәылагьы ирбароуп, жәаҳәарада, аха сгәаанагарала, уи мыӡарц азы зегь раԥхьаӡа аныҟәгара аҭахуп аҭаацәараҟны. Апоет Дмитри Габелиа ицәаҳәақәак збеит, даара сгәаҵанӡа инеит: "Шьыри, сынтәа аԥсуаа еидтәаланы аԥсуара иалацәажәо сырҳа! Мап, аԥсуара иалацәажәо зегьы сынтәа, аԥсуара ныҟәарго исырба!". Аныҟәгара ауп иаҭаху, аиҷаҳара. Иахьа қәкы хаданы зегь ҳҿаԥхьа иқәгылоу ҳаԥсуа ҳәынҭқарра аԥсуа цәа аҟәынҵаны иҳарҿиаларазы, аҿар аԥсуаҵас рааӡара, аԥсуарахь рхьарԥшра. Қәкы хадас иҳамоу, жәытәнатә аахыижьҭеи ҳабацәа рҟазшьа, рыламыс аҿар рыԥсҭазаара иахәҭакны рыҟаҵара ауми?", - лҳәеит Ломиаԥҳа.
Ломиаԥҳа лажәақәа рыла, ацәажәара мацара акәымкәа ахәыҷқәа рыблала ибароуп аԥсуара аныҟәгара аҿырԥштәқәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Ажәабжьқәа зегьы
0