Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Кьараз" зхылаԥшуа ахәыҷқәа рыцхырааразы агәыҳалалратә хәылԥазы мҩаԥгахоит

© Sputnik / Леон Адлейба Выставка картин "Мой прекрасный Сухум"a
Выставка картин Мой прекрасный Сухумa - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2023
Анапаҵаҩра
Еизгахо аԥарақәа зегьы рзырхахоит зеизҳара хьысҳау, аҟазауаа рыцхыраара зҭаху ахәыҷқәа.
АҞӘА, хәажәкыра 27 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Кьараз" зхылаԥшуеи Очамчыратәи аиҭашьақәыргыларатә Центр зхылаԥшуеи ахәыҷқәа рыцхырааразы агәыҳалалратә хәылԥазы мҩаԥгахоит ақьафурҭа "Ерцахә" аҟны хәажәкыра 29 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит "Кьараз" ахаҭарнак Камма Гоԥиаԥҳа.
Ахәылԥаз аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥгахоит асахьаҭыхымҭақәа раукцион, анаплакҩцәа рҟынтәи 30 рҟынӡа ԥхьахә злахәу алотереиақәа.
Еизгахо аԥарақәа зегьы рзырхахоит зеизҳара хьысҳау, аҟазауаа рыцхыраара зҭаху ахәыҷқәа.
Ауснагӡатә лаԥшьгамҭоуп ахәылԥаз аиҿкааҩ, анаплакҩы Светлана Габуниаԥҳа.
"Ацхыраара аҟаҵара лҭахны ҳара дҳадҵаалеит. Илзеиҭаҳҳәеит асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа аус шрыдаауыло. Абас ала ахы акит апроект "Зегьы рзы иаарту адунеи". Арҭ рҩызцәа аҭааацәарақәа амониторинг рзыҟаҳҵоит. Иахьазы иҟоуп идуум абаза. Уи наҟ-наҟ иҳарҭбаауеит", - ҳәа лҳәеит Камма Гоԥиаԥҳа.
Габуниаԥҳа лажәақәа рыла лара еснагь илҭахын зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа зхаҭабзиара ҳараку аҵарадырра ралархәра ауаа рацәа азхьалырԥшырц.
"Сара схаҭа хҩык ахәыҷқәа сымоуп. Ибзианы издыруеит иахьазы ахәыҷқәа рааӡара иацу ауадаҩрақәа. Ҳара ҳажәлар маҷуп. Аӡәгьы дҳацәтәымӡам. Иахьатәи ҳхәыҷқәа уаҵәтәи ҳамш еиҿызкаауа роуп. Иҟоуп амедицина, аҵарадырра аиура ззыуадаҩу. Алшара ҳамазар, шәааи ҳаицхыраап", - ҳәа лҳәеит Габуниаԥҳа.
Итоги новогодней акции Ашана-цла благотворительных фондов Ашана, Киараз и культурно-деловой площадки Гума подвели 26 декабря. - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.12.2022
Аԥсны
Дасу игәазыҳәара аниоуа: "Ашанеи" "Кьарази" хылаԥшра зырҭо ахәыҷқәа ргәыхәтәқәа нарыгӡеит
Агәыҳалалратә хәылԥазы афонд еиуеиԥшым аусқәа рҟынтәи сегментк ала ҳалагарц ҳаӡбеит лҳәеит Габуниаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит ауаажәларрагьы афонд аусура шдырдырлатәу.
"Ахәылԥаз аԥареизгара адагьы агәыҳалалра ауаажәларраҿ аларҵәара иазырхоуп, афондқәа русура адырра иазырхоуп", - ҳәа лҳәеит Габуниаԥҳа.
Апроект хәҭа -хәҭала имҩаԥгахоит:
аҿиара аилагара шыҟоу азы заанаҵы адыррақәа риуразы аҟазауаа радыԥхьалара,
зеизҳара хьысҳау ахәыҷқәа ирымоу ауадаҩрақәа рыриашаразы заанаҵы аус рыдулара.
Ацхыраара зырҭо ахәыҷқәа рахь иаҵанакуеит ашколтә программа ззышьҭымкаауа ахәыҷқәа. Урҭ асоциалтә уаажәларра ралахәхарази рҵарази ацхыраара рыҭахоит.
Агәыҳалалратә хәылԥазы аҿы иӡыргахоит Очамчыратәи аиҭашьақәыргыларатә Центр аусуразы авидеоролик.
Ажәабжьқәа зегьы
0