Урыстәыла

IMAX атехнологиа аиԥш зеиԥшу Урыстәыла аус адулоуп

© Foto / Rob LaughterСцена
Сцена  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2023
Анапаҵаҩра
Ари аформат ала раԥхьа иддырбо афильм "Вызов" ахәҭак акосмос аҟны иҭыхын.
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. "Космакс" захьӡу IMAX атехнологиа аиԥш зеиԥшу Урыстәыла "Централ партнершип" аус аднаулеит, абри атәы аанацҳауеит "Ведомости" аилахәыра адиректор Вадим Верешьагин иажәақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.
"Атехнологиа арбареи абжьи еиуаршәаны, ицқьаны, иҵауыланы иаанарԥшуеит. "Космакс" апатент аиура апроцедура иахысуеит...", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Верешьагин иажәақәа рыла, "Космакс" иақәхарџьын хә-миллион мааҭ. Ари аформат ала афильмқәа ацифратә проектори абжьазы ахархәагеи бзиеи аҭахуп.
Уи адагьы афильм аҭыхратә ҩаӡара ҳаракызароуп.
"Космакс" иарбанзаалак иаарту аформат ахархәара анаҭоит, аха еиӷьны иҟалоит абри аформат ала иҭыхзар", - ҳәа азгәеиҭеит аменеџьер.
IMAX Урыстәыла аусура ааннакылеит 2022 шықәса, рашәарамзазы. "Невафильм Research" адыррақәа рыла 2021 шықәсазы атәылаҿы иҟан 50 зал ари атехнологиа зхы иазырхәоз, урҭ рҟынтәи 29 "Синема Парки" "Формула кинои" аҳақәа ирыҵаркуан.
Ажәабжьқәа зегьы
0