Урыстәыла

Киев-Печиоратәи аберҭыԥхада азы анцәаиашьапкра мҩаԥган Мықәтәи ауахәамаҿы

© Sputnik / Марианна Кубрава Пасхальная служба
Пасхальная служба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2023
Анапаҵаҩра
Анцәаиашьапкра мҩаԥысуан аԥшьаҩ Спиридон Тримифунттәи иԥсыбаҩ, аԥшьа Николаи аџьашьахәымҩаԥгаҩ иԥсыбаҩ, Иаса Қьырса иныхачаԥа, Анцәа иан лныхачаԥа "Аҳәатәхаҵаҩцәа" рҿаԥхьа.
АҞӘА, хәажәкыра 30 - Sputnik. Киев-Печиоратәи аберҭыԥ хада азы анцәаиашьапкра мҩаԥган Х ашәышықәса иаҵанакуа Анцәа иан лылацәеиқәԥсара ахьӡала иргылоу Мықәтәи акафедралтә уахәамаҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
Х ашәышықәса иаҵанакуа Анцәа иан лылацәеиқәԥсара ахьӡала иргылоу Мықәтәи акафедралтә уахәама ргылан Аԥсны аԥсҳа Леон III иаҳраан.

"Анцәаимаҵзуҩцәеи анцәа дхазҵои аиашахаҵара ирымоу, аберҭыԥхада аԥшьарақәа ахьырыхьчо, аиашахаҵара уахәама иамҵаныҳәо ақьырсианцәеи аберуааи ахьырыхьчо Киев-Печиоратәи аберҭыԥхада азы анцәаимҵаматанеира мҩаԥаагоит", - ҳәа иҳәеит анцәаимҵаматанеира амҩаԥгара аиҿкааҩцәа ируаӡәку Анцәа иан лылацәеиқәԥсара ахьӡала иргылоу Мықәтәи акафедралтә уахәама аусзуҩ Боиан Делба.

"Киев-Печиоратәи аберҭыԥхада" аҳәырԥсарра адирекциа хәажәкыра алагамҭаз иареи УАУ Киев-Печератәи аберҭыԥхадеи ирыбжьаз қьырала аилаӡара аԥыхны, аканонтә уахәама аберцәа ирыдырҵеит хәажәкыра 29-нӡа иахьыҩноу аҭыԥ нрыжьырц.
Аканонтә Украина аиашахаҵаратә уахәама 2018 шықәса инаркны иҳәынҭқарратә еилахәырахеит, Украина амчрақәа Константинопольтәи апатриарх Варфоломеи дрыцырхыраан иаԥырҵеит еиҟәшаз аиҿкаарақәа рҟынтәи "Украина аиашахаҵаратә уахәама". Аҵыхәтәантәи аамҭазы украинатәи амчрақәа ашьҭазаара ду мҩаԥыргоит аканонтә уахәама амаҵзуҩцәа рганахь ала.
Ажәабжьқәа зегьы
0