Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Шәгәаҳәарақәа ҳацеиҩышәша: Аԥсны аусура иалагеит зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа злахәу апроект

© Sputnik / Томас Тхайцук ПК проекта “Искусство без границ”
ПК проекта “Искусство без границ”  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.03.2023
Анапаҵаҩра
"Аҟазара ҳәаадоуп" – акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театри еицымҩаԥырго апроект адгылара анаҭоит Sputnik Аԥсны. Аидеиа автор – Анна Савилова.

"Агәаҳәара сымоуп аҳаирпаланла аԥырра, амҵәыжәҩа змоу ԥсаатәны адгьыл сахыԥраарц ма дасу имаалықь сакәны схы збаларц", - ҳәа ихыркәшоуп апроект "Аҟазара ҳәаадоуп" ахь зылшарақәа ԥку хәыҷык иааишьҭыз ашәҟәы.

Апроект ҿыц ахықәкқәеи иара иалахәхар зылшои ртәы Sputnik аматериал аҿы.
Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik
Апроект автор Анна Савилова лажәақәа рыла апроект хықәкыс иамоуп зылшарақәа ԥку ахәыҷқәа аԥсуа уаажәларраҿ имҩаԥысуа асоциалтә-культуратә усқәа ралархәра хра шамоу аарԥшра.
Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷқәа иаарҭилоит ргәазыҳәарақәа зныԥшуа ажәабжьқәа. Убри аан "Аҟазара ҳәаадоуп" еицлабраӡам. Убри азы апроект авторцәа аҭаацәа ирыҳәоит ахәыҷқәа рырҿиамҭақәа рхы рыларымгалаларц.
"Ҳара иаҳҭахӡам иқәҳәан иҟоу аҭоурыхқәа. Ахәыҷқәа ргәы, рхы иҭоу рыҩлароуп, дасу ишилшо, еиҳа ирԥшӡаны ҳәа акәымкәа. Ҳара иаҳусу урҭ аҽаӡәы иламҩашьо, зегь реиԥш рхатә ҭоурых рыҩуа, рхатә гәаҳәара еиҭарҳәо иҟарҵартә ацхыраара рыҭароуп", - лҳәоит Анна Савилова.

Аинклиузивтә спектакль

Апроект "Аҟазара ҳәаадоуп" аҳәаақәа ирҭагӡаны РУСДРАМ арежиссиор Џьамбул Жорданиа ҭоурыхқәак алхны ԥхьаҟа иқәыргылахо аспектакль азы асценариа азирхиоит.
Аҭоурыхқәа зегьы кьыԥхьхоит аинформациа аганахь ала адгылара рызҭо амаҵзура Sputnik Аԥсны аҟны.

"Аҭоурыхқәа зегьы аспектакль шьаҭаны иузаҭом, аха убри аан ҭоурыхк амацаралагьы еиҿкаахом. Иҟалоит ажәабжьқәа рмотивқәа рыла еидкылахар. Ихадароу ахәыҷқәа ҳаиԥш зеиԥшу ракәны ишыҟоу аарԥшроуп. Урҭ еиҳа иалкааны ирыцҳаршьоит, аха усеиԥш аҭахӡам. Усҟан аҽакала рхы рбо иалагар ауеит", - иҳәоит Жорданиа.

Иара иҳәеит аҩымҭақәа агхақәа рымазаргьы аҭаацәа урҭ ирыламкьысларц.
"Иҟалоит ахәыҷы аҽаӡәы диеԥшымкәа аҳәоуртәара шьақәиргылазар. Сара акраамҭа Аҿар рыҩны АИС аҿы аус рыцызуан. Имаҷым сылаҿ изызҳаз, асеиԥш иҟоу ахәыҷқәа. Иҟан аиумор зҵоу ажәабжьқәа убасеиԥш еиҿазыртәуаз, Comedy Club азы асценари алухыртә. Уи аҷыдара аԥырхагахара аҭахӡам", - иҳәоит Жорданиа.
Џьамбул Жорданиа исценари ала РУСДРАМ аҿы иқәыргылахоит аспектакль.
"Инҭкаау аинклиузивтә спектакль ақәыргылара ҳгәы иҭоуп. Иаҳҭахуп анапырбаратә бызшәа аиҭагаҩ иааԥхьара, измаҳауагьы аспектакль иахәаԥшыртә аиԥш, изымбо ирзеиҭазҳәашагьы ааԥхьахоит. Аспектакль ақәыргыларазы ахарџьқәа атеатр ахахьы иагеит. Иракли Хынҭәба изы уи акраҵанакуеит. Иара апроект даара игәаԥхеит", - лҳәеит апроект автор Анна Савилова.
Благотворительный забег Бежим со смыслом - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2023
Аԥсны
Афонд "Ашана" зхылаԥшуа ҩыџьа ахәҷқәа рыцхрааразы ҩаԥхьа аԥареизгара хацнаркит
Еизгахо аԥарақәа зегьы акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" иахыԥхьаӡалахоит. Сивилова ишылҳәо ала аспектакль иахәаԥшырц зҭаху зегьы абилеҭ аахәаны агәыҳалалра рхы аладырхәыр рылшоит.
Афонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа иазгәалҭеит ажәабжь аашьҭра шалшо икьыԥхьны ма аудио, авидео форматқәа рыла.

"Иарбан форматзаалак иҳадаҳкылоит. Рхы аладырхәыр рылшоит 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа, зылшара ԥку ахәыҷқәа зегьы", - лҳәеит лара.

Апроект аҽалархәразы ажәабжь анашьҭра ауеит: iskusstvobezgranits@gmail.com .
Ажәабжьқәа зегьы
0