https://sputnik-abkhazia.info/20230405/atylauai-aiabyrei-ynia-aiaaa-izakanymka-asnya-raagara-iazkny-1045036461.html
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьынџьиа аҵиаақәа изакәанымкәа Аԥсныҟа раагара иазкны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьынџьиа аҵиаақәа изакәанымкәа Аԥсныҟа раагара иазкны
Sputnik Аҧсны
Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа изакәанымкәа аиагара рҽазыршәеит атуиеи, акаллистемони, аԥсеи реиҭаҳатәқәа. Аҳазалхыҩцәа Егры аҳәаала ииасуаз амашьынаҿы ирбеит 68 шьапы... 05.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-05T19:50+0300
2023-04-05T19:50+0300
2023-04-05T19:59+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
атәылауаҩи аиҳабыреи
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/04/1045036578_0:0:1500:844_1920x0_80_0_0_04c32670f10166d2ecc894d7536ffbf1.jpg
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьынџьиа аҵиаақәа изакәанымкәа Аԥсныҟа раагара иазкны
Sputnik Аҧсны
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Џьынџьиа аҵиаақәа изакәанымкәа Аԥсныҟа раагара иазкны
Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа изакәанымкәа аиагара рҽазыршәеит атуиеи, акаллистемони, аԥсеи реиҭаҳатәқәа. Аҳазалхыҩцәа Егры аҳәаала ииасуаз амашьынаҿы ирбеит 68 шьапы аиҭаҳатәқәа. Административтә зинеилагаразы аматериалқәа нашьҭуп Аҳазалхратә еилакы аҭҵааратә ҟәшахьы.Закәанда абас аҵиаақәа аҳәаа рахыгара иҟанаҵо аԥхасҭеи аҳәаа аҟны агәаҭарақәа рымҩаԥгара шеиҿкаауи дрылацәажәеит арадио Sputnik аефир аҟны Акарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа.Иара иазгәеиҭеит ауаа рынхарақәа, аԥсшьарҭа ҩнқәа, асасааирҭақәа рырԥшӡаразы аҵыхәтәантәи ашыкәсқәа рзы атәылахь еиуеиԥшым адекоративтә ҵиаақәа шҭаргало."Аҳәаақәа рҿы акарантинтә усзуҩцәа гылоуп, дара уалс ирыду аҵиаақәа, ахәаҷамаҷақәа мамзаргьы ачымазара хкқәа рымазар, уа аекспресс-лабораториаҟны игәарҭоит. Иҳаргылеит амодуль ҿыц, уа афумигациа ҟаҳҵоит (аҵиаақәа ԥырхага рызҭо ишҳаму ахылҩаԥсылҩала иқәырхуеит - азгә.), уи ашьҭахь нас Аԥсны иахьҭоугалалак ҟалоит, аха ҳара ҳҟны иаанӡа контрабандала иааныркылаз ауп атуиеи еиуеиԥшым агәырҵлақәеи", - иҳәеит Џьынџьиа.Иара иазгәеиҭеит иахьа Егры аганахьала аҳәаа шарку, аха, ус ишыҟоугьы, заанаҵы амодуль шдыргылаз, убасгьы аекспресс-лабораториагьы аҭыԥаҟны ишыҟоу.Џьынџьиа иажәақәа рыла, аҳәаақәа рҿы иҟоу аекспресс-лабораториа амч азымхошәа рбар акарантинтә маҵзура аусзуҩцәа, аҳҭнықалақь аҿы иҟоу астационартә лабораториа ахь иааганы игәарҭар ауеит, аха ус еиԥш ауадаҩра макьаназы иақәымшәацт."Иаҳҳәап, уажәы акарантинтә чмазара, мамзаргьы ахәаҷамаҷақәа ԥырхага ҟазҵо аарԥшызар, иҳархынҳәуеит, ус еиԥш аҵиаа хкқәа рҭагалара азин раҳҭаӡом, избанзар ирласны Аԥсны иахыҵәар алшоит ачымазарақәа", - иҳәеит Џьынџьиа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/04/1045036578_87:0:1420:1000_1920x0_80_0_0_620a3521050d8943ca4ce76149d00dfb.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
аԥсны, аподкаст, атәылауаҩи аиҳабыреи, аудио
Қырҭтәылантәи Аԥсныҟа изакәанымкәа аиагара рҽазыршәеит атуиеи, акаллистемони, аԥсеи реиҭаҳатәқәа. Аҳазалхыҩцәа Егры аҳәаала ииасуаз амашьынаҿы ирбеит 68 шьапы аиҭаҳатәқәа. Административтә зинеилагаразы аматериалқәа нашьҭуп Аҳазалхратә еилакы аҭҵааратә ҟәшахьы.
Закәанда абас аҵиаақәа аҳәаа рахыгара иҟанаҵо аԥхасҭеи аҳәаа аҟны агәаҭарақәа рымҩаԥгара шеиҿкаауи дрылацәажәеит
арадио Sputnik аефир аҟны Акарантин азы аҳәынҭқарратә инспекциа аиҳабы Аркади Џьынџьиа.
Иара иазгәеиҭеит ауаа рынхарақәа, аԥсшьарҭа ҩнқәа, асасааирҭақәа рырԥшӡаразы аҵыхәтәантәи ашыкәсқәа рзы атәылахь еиуеиԥшым адекоративтә ҵиаақәа шҭаргало.
"Аҳәаақәа рҿы акарантинтә усзуҩцәа гылоуп, дара уалс ирыду аҵиаақәа, ахәаҷамаҷақәа мамзаргьы ачымазара хкқәа рымазар, уа аекспресс-лабораториаҟны игәарҭоит. Иҳаргылеит амодуль ҿыц, уа афумигациа ҟаҳҵоит (аҵиаақәа ԥырхага рызҭо ишҳаму ахылҩаԥсылҩала иқәырхуеит - азгә.), уи ашьҭахь нас Аԥсны иахьҭоугалалак ҟалоит, аха ҳара ҳҟны иаанӡа контрабандала иааныркылаз ауп атуиеи еиуеиԥшым агәырҵлақәеи", - иҳәеит Џьынџьиа.
Иара иазгәеиҭеит иахьа Егры аганахьала аҳәаа шарку, аха, ус ишыҟоугьы, заанаҵы амодуль шдыргылаз, убасгьы аекспресс-лабораториагьы аҭыԥаҟны ишыҟоу.
Џьынџьиа иажәақәа рыла, аҳәаақәа рҿы иҟоу аекспресс-лабораториа амч азымхошәа рбар акарантинтә маҵзура аусзуҩцәа, аҳҭнықалақь аҿы иҟоу астационартә лабораториа ахь иааганы игәарҭар ауеит, аха ус еиԥш ауадаҩра макьаназы иақәымшәацт.
"Иаҳҳәап, уажәы акарантинтә чмазара, мамзаргьы ахәаҷамаҷақәа ԥырхага ҟазҵо аарԥшызар, иҳархынҳәуеит, ус еиԥш аҵиаа хкқәа рҭагалара азин раҳҭаӡом, избанзар ирласны Аԥсны иахыҵәар алшоит ачымазарақәа", - иҳәеит Џьынџьиа.