Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҵарауаа Лыхны иҟалаз ахҭыс азы: аҭәаҵла аиқәырхара залыршахом

© Sputnik / Акоп Кущян Лыхны
Лыхны  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2023
Анапаҵаҩра
Лыхнашҭа иқәгылаз ашықәс рацәа змаз аҭәаҵла иаакәыршан хьархьла иԥырҟеит еилкаам џьоукы ахаша, мшаԥы 5 рзы.
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik, Бадри Есиава. Ааха зырҭаз Лыхнашҭа акыр ашәышықәсақәа раахыс изызҳауаз аҭәаҵла аиқәырхара залыршахом ҳәа ииԥхьаӡоит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Бебиа.
"Ари аҵла аԥсы ҭаны сара исымбаӡацт, аха исзаарҭиз акадрқәа рыла еиқәхаӡом. Абаржәы иԥырымҟар шықәсык аҩнуҵаҟа иҩҩоит, иԥырҟар ахҿарах аунажьҭыр ҟалоит. Иахьа аԥыза-министр аҭел дасны сгәаанагара дазҵаауан. Даара игәы иалан", - иҳәеит аҵарауаҩ.
Бебиа игәаанагарала, лыхнытәи аҭәаҵла ҩышә-шықәса инарҭысхьеит. Иҟалаз ахҭыс гәымбылџьбароуп ҳәа ахиҳәааит, агәыӷрагь ааирԥшит азинхьчаратә усбарҭақәа ацәгьоуцәа ԥшааны ахара иақәдыршәап ҳәа.
Макьана еилкаам шьоукы, аԥсуа жәлар рҭоурыхтә ҭыԥ Лыхнашҭа иқәгылаз акыр ашәышықәсақәа иргәылсны иааиуаз аҭәаҵла ду иааваргьежьны хьархьла иԥырҟеит. Гәдоуҭатәи араионтә еизара адепутат Едгар Камлиа Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, ааигәара инхоз аӡәырҩы ахьархь абжьы раҳаит, аха аӡәгьы ихаҿы изаамгеит аҭәаҵла ду ԥырҟоит ҳәа.
Лыхнашҭа – Аԥсны аҭоурых аҟны акыр зҵазкуа ҭыԥуп. Араҟа ажәлар рзеиԥшеизарақәа ахьымҩаԥысуаз, иахьагьы еиуеиԥшым аспорттәи акультуратәи аусмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥырго ҭыԥуп.
Праздник урожая в Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2023
Аԥсны
Акыр шәышықәса ирҭысхьаз Лыхнашҭатәи аҵла ааха арҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0