https://sputnik-abkhazia.info/20230406/irakli-yzhba-zhenevati-aitsazharaa-uaanati-rritm-iakhynazykhynua-eilkaam--1045088517.html
Иракли Ҭыжәба: Женеватәи аиҿцәажәарақәа уаанӡатәи рритм иахьынӡазыхынҳәуа еилкаам
Иракли Ҭыжәба: Женеватәи аиҿцәажәарақәа уаанӡатәи рритм иахьынӡазыхынҳәуа еилкаам
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа алахәын Женева 2023 шықәса мшаԥы 4-5 рзы имҩаԥысуаз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи... 06.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-06T15:05+0300
2023-04-06T15:05+0300
2023-04-06T15:05+0300
аԥсны
аԥсны
аԥсны аар
аполитика
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/1e/1032741303_22:0:3663:2048_1920x0_80_0_0_15ad4e4e37627243acd5dfc149d88a0c.jpg
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Женеватәи аиҿцәажәарақәа уаанӡатәи рритм иахьынӡазыхынҳәуа еилкаам ҳәа азгәеиҭеит Sputnik аинтервиу аҭо Аԥснытәи аделегациа напхгара азҭоз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба. 57-тәи араунд аҿгьы уаанӡеиԥш изҵаара хадахоит Медведеви Саркозии рыбжьара аиқәшаҳаҭра апункт №6 инақәыршәаны арегион аҿы ашәарҭадара ахәдықәҵара аиҿкаара ҳәа иҳәеит иара. "Амч ахамырхәаразы адокумент актуалра шаҵоу инханы иҟоуп. Ҳара ҳгәаанагарала асеиԥш иҟоу адокумент анапы аҵаҩхар, аилибамкаарақәеи аиҿагыларақәеи еиҳа иҭышәынтәалоит. Аԥсуа ган азхьаԥшра ҷыда арҭеит Аԥсни Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра шхымԥадатәиу", - иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ. Уадаҩран иҟоу Аԥсни Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра ақырҭуа ган мап ацәнакуеит. "Ари зынӡаск иақәшаҳаҭым Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи рделегациақәа. Асеиԥш еиҿагыло азнеишьақәа иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбра иаԥырхагоуп", - иҳәеит Ҭыжәба. Убри аан аиҿцәажәарақәа реиҭахацыркра алахәылацәа зегьы хра аманы иахәаԥшуеит, аха аԥсуеи ақырҭуеи делегациақәа рпозициақәа реиҿагылара иалнаршом амч ахамырхәаразы аицәажәарахь азкылсра.
https://sputnik-abkhazia.info/20230405/asny-alakhyn-zhenevati-aitsazharaa-izaamanytiu-rraund-1045067637.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/06/1e/1032741303_479:0:3210:2048_1920x0_80_0_0_6943e745adc956085aecf9871cddd5b0.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, аԥсны аар, аполитика
аԥсны, аԥсны аар, аполитика
Иракли Ҭыжәба: Женеватәи аиҿцәажәарақәа уаанӡатәи рритм иахьынӡазыхынҳәуа еилкаам
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа алахәын Женева 2023 шықәса мшаԥы 4-5 рзы имҩаԥысуаз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 57-тәи рраунд.
АҞӘА, мшаԥы 6 – Sputnik. Женеватәи аиҿцәажәарақәа уаанӡатәи рритм иахьынӡазыхынҳәуа еилкаам ҳәа азгәеиҭеит Sputnik аинтервиу аҭо Аԥснытәи аделегациа напхгара азҭоз Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба.
"Женеватәи аиҿцәажәарақәа реилатәара аамҭа маҷымкәа ибжьалеит. 2022 шықәсазы иазгәаҭаз ԥшь-раундк рҟынтәи акы заҵәык ауп имҩаԥаагаз. Иахьазы ацхантәаҩцәа ишырҳәаз ала ԥшь-раундк рцынхәрас х-раундк мҩаԥгахоит. Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи рраунд азгәаҭоуп 2023 шықәса ԥхынгәымзазы. Арыцхә макьаназ еилкаам, уи апроцесс егьырҭ алахәцәагьы алацәажәар ахьакәу азы", - ҳәа иҳәеит Ҭыжәба.
57-тәи араунд аҿгьы уаанӡеиԥш изҵаара хадахоит Медведеви Саркозии рыбжьара аиқәшаҳаҭра апункт №6 инақәыршәаны арегион аҿы ашәарҭадара ахәдықәҵара аиҿкаара ҳәа иҳәеит иара.
"Амч ахамырхәаразы адокумент актуалра шаҵоу инханы иҟоуп. Ҳара ҳгәаанагарала асеиԥш иҟоу адокумент анапы аҵаҩхар, аилибамкаарақәеи аиҿагыларақәеи еиҳа иҭышәынтәалоит. Аԥсуа ган азхьаԥшра ҷыда арҭеит Аԥсни Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра шхымԥадатәиу", - иҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Уадаҩран иҟоу Аԥсни Қырҭтәылеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра ақырҭуа ган мап ацәнакуеит.
"Ари зынӡаск иақәшаҳаҭым Аԥсни, Аахыҵ Уаԥстәылеи, Урыстәылеи рделегациақәа. Асеиԥш еиҿагыло азнеишьақәа иҟоу ауадаҩрақәа рыӡбра иаԥырхагоуп", - иҳәеит Ҭыжәба.
Убри аан аиҿцәажәарақәа реиҭахацыркра алахәылацәа зегьы хра аманы иахәаԥшуеит, аха аԥсуеи ақырҭуеи делегациақәа рпозициақәа реиҿагылара иалнаршом амч ахамырхәаразы аицәажәарахь азкылсра.