Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи апрокуратура: Лыхнашҭа ацәгьа зуз ҳәа макьаназ гәызҩара ыҟам

© Sputnik / Томас Тхайцук Многовековое дерево повредили на исторической поляне в селе Лыхны
Многовековое дерево повредили на исторической поляне в селе Лыхны - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2023
Анапаҵаҩра
Аԥсны атәылауаа Лыхнашҭа еизеит, уаҟа ашықәс рацәа змаз аҭәаҵла иаакәыршан хьархьла иԥырҟеит еилкаам џьоукы ахаша ауха.
АҞӘА, мшаԥы 7– Sputnik. Лыхнашҭа ацәгьа зуз ҳәа макьаназ аӡәгьы иганахь ала гәызҩара ыҟам ҳәа ажурналистцәа иреиҳәеит Гәдоуҭа араион апрокурор Едуард Шамба.

"Уажәазы еизгоуп аоперативтә материал, ааигәа инхо ауааԥсыра зегьы иразҵаауп. Аԥсны ААР, Аԥсны АШәМ, апрокуратура аусурақәа еицымҩаԥыргоит. Аҭыԥаҿ агәаҭара мҩаԥгоуп, ашьаус ахацыркра иалацәажәоит", - иҳәеит иара.

Аԥсны аҭоурыхтә ҭыԥқәа иреиуоу Лыхнашҭа иқәгылаз аҭәаҵла идырым аҳәы ааха аиҭеит. Аҭәаҵла 15 - 20 сантиметра иагәылакны иԥҟоуп. Аҭыԥантәи ауааԥсыра аихеидкылақәа рыла аԥҟарсҭаҭыԥ дырххеит.
Лыхненский храм и древняя липа - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.04.2023
Аԥсны
Аусдырыҩцәа ааха зауз Лыхнашҭатәи аҭәаҵла еиқәырхашьас иамоу атәы рҳәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0