Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Аԥаса хәы ыӡӡом": есхьари уи иацу азгәаҭарақәеи

© Foto / Алхас Манаргия Весенне-полевые работы в Абхазии
Весенне-полевые работы в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2023
Анапаҵаҩра
Адгьыл ақәаарыхра аԥсуаа рнапаҿы ианаарга аахижьҭеи идырҿиеит еиуеиԥшымыз азгәаҭарақәа, урҭ рахьтә акык-ҩбак дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рыҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭаҿы.
Абар ааԥын аҩбатәи амза ҳанҭалеит, аха ахьҭақәа макьанагьы инагӡаны иоунашьҭуам. Ахьшәашәарақәа шыҟоугьы, анхацәа адгьыл нап адыркуеит, ажәаны ишырҳәо еиԥш: "Аԥаса хәы ыӡӡом, иԥасаны илаҵоу аҽаҩра еиҳа ибзиахоит, рацәак аамҭа ақәымшәаргьы, ԥыҭк ацәыҟалоит".
Адгьыл ақәаарыхра аԥсуаа рнапаҿы ианаарга аахижьҭеи идырҿиеит еиуеиԥшымыз азгәаҭарақәа адгьыл нап аркра аныманшәалоу иазкны, амш зеиԥшроу, аԥсабара ашьклаԥшрақәа рыла. Ааԥынтәи аусурақәа ауҭраҿы аума, амхаҿы аума ирылҵшәахоит аҽаҩра, убри аҟынтә уи ианаамҭоу нап аркра акраҵанакуеит. Аӡын анҵәамҭазы амшқәа макьанагьы ихьшәашәоуп, аха ааԥын алагамҭазтәи ақәа шьацаагагоуп рҳәоит. "Ақәаԥсата ҳауаны иаауеит, убри амукәа, ацха зыҟалом", - ҳәа рҳәоит анхацәа.
Утренняя роса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2023
Аԥсны
Ақәаԥсата, аԥсҭҳәа, апҟақәа: ааԥын шыҟалази уи адыргақәеи
Амзақәа зегь раасҭа зхымҩаԥгашьа џьашьахәу хәажәкырамза иазкны идырҿиеит еиуеиԥшым аҳәамҭақәа. Иара аҵыхәтәантәи амшқәа есхьар ҳәа азырҳәоит. Есхьар амшқәа зыхҟьаз ҳәа еиҭарҳәоит абас:
"Ахьча ирахә иманы ашьха дцон. Хәажәкырамза шьҭа ицоит, иқәҵраны иҟоуп. "Ааит, иубама, Хәажәкырамза егьыузыҟамҵт, са суиааит. Шьҭа хымш роуп иҟоу!" - иҳәеит ахьча. Хәажәкырамза аагәаан, мшаԥымза иаҳәоит хымш сыҭа ҳәа, мшаԥымза ианаҭеит, абри афымш, хымш хәажәкырамза ақәҵра шагу, даҽа хымш мшаԥымза мшқәа. Фымш амшцәгьа ҟалеит: ақәа, аԥша, асы - зегь леит. Ахьча дықәхеит ирахәи иареи адәахьы дзымцо. Афатә рымаӡам, ас иқәхеит, амш ҟамлеит. Даалаган, ацгәы наганы аҳаҭа иҭаиртәан, ирахә ахьааз инаган икнеиҳаит. Ацгәы хыхь иахҭакыз имбӷьаҭуаз, арахә рхы раҳан уи ишахәаԥшуаз фымш рхыргеит. Абас ахьча ахьҭа гызмалрыла даиааит", - аҳәоит аҳәамҭа.
Иазгәаҭатәуп ҳаамҭазы есхьар амшқәа ҳәа изышьҭоу ажәытә амзар ԥхьаӡарала мшаԥы жәиԥшь, жәохә, жәаф роуп изықәшәо. Абарҭ амшқәа рынахыс ахьҭақәа ықәҵны, аԥхарра ҟалоит ҳәа иазыԥхьаӡоуп.
Арҭ амшқәа ирызкны иҟоуп еиуеиԥшым азгәаҭарақәагьы аҽаҩрақәа зеиԥшрахо иазкны. Иааҳгап ҿырԥштәқәак:
"Ааԥын аԥсҭҳәа ахчылара хҭанакыр, ашәыр ҟалом, ишәҭыз абылуеит".
"Аҽаҩрадаӷьқәа анырацәоу – аарыхра ҟалоит, дара мшуп".
"Ашышкамс адгьылаҿ ианырацәоу, ашықәсан, насгьы иахьырацәоу аҭыԥ аҿ аарыхра ҟалоит".
"Арҵәыра хәаци ашышкамси рацәаны иахьамоу ҽаҩра дгьылуп".
"Ааԥын анаауа, заа иԥхарацәамхар – амаҵәха еиҿанакуеит, ашықәсан ашәыр ҟалоит. Иԥхарацәахар, иажьоит, заа ипытуеит, нас ахьҭа иԥхасҭанатәуеит".
"Дгьылс иҟоу жәҩануп. Адгьыл бзиеиԥшҵәҟьа, ианраамҭоу, ақәеи амреигьы аарыхра ҟарҵоит".
Выставка Розовый вальс в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2023
"Агәилқәа заа ианышәҭуа": ааԥын иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәа
Ажәабжьқәа зегьы
0