00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
10 мин
On air
13:17
0 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Агәилқәа заа ианышәҭуа": ааԥын иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәа

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВыставка "Розовый вальс" в Крыму
Выставка Розовый вальс в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.04.2023
Анапаҵаҩра
Ааԥын иахҳәаау жәлар разгәаҭарақәак еидылкылеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
"Аӡын, ааԥын, аԥхын, ҭагалан,
Ашықәс иамоуп ԥшь-аамҭак.
Аԥсуа итәылаҿ имаз аԥгала,
Иаԥсуара аанижьуам шәымҭак…" - иҩуеит апоет Вахтанг Аԥҳазоу.
Ауаҩы ашықәс аамҭақәа зегь раан ихы аџьабаа заирбо, дзыхандеиуа, раԥхьаӡа инаргылан иҭаацәа зланыҟәигаша ԥыла-ԥгалак иоурц азоуп.
Осень в Реликтовом Национальном парке  - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.10.2022
"Аԥша ҟәанда асуазар": амш зеиԥшрахо азгәаҭарақәа
Ашықәс аамҭақәа ҭышәынтәаланы, ианаамҭоу ақәа ауа, ианаамҭоу амра ԥхо ианыҟало аамҭазы ақыҭанхамҩа аус, аарыхра даара иарманшәалоит.
Ааԥынра зеиԥшрахо атәы ҳаҵазҳәо аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа зынӡагьы имаҷым. Урҭ иреиуоуп:
Агәилқәа заа ианышәҭуа – ааԥынра ӡысаамҭахоит.
Асы мрала ишьҭыҵзар – ааԥынра бзиахоит.
Аҟәынџь ӡнынӡа ианаӡаха – ааԥынра ӡысаамҭахоит.
Ашьапызаҵәқәа заа ианаа – ааԥынра ԥасахоит.
Аӡынразы акырцх рацәаны ианау – ааԥынра аарҩарахоит.
Амшә заа аҭыҩра ианҭыҵ – ааԥынра қәас-ӡысуеит.
Ачамҳа (клен - азгә.) абӷьы аамҭала ианкамԥса – ашьха ааԥынра цәгьахоит.
Прогноз - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Аԥсны
"Ааԥынтәи ақәа ашьацаагагоуп" – ааԥын шыҟалази уи адыргақәеи
Аԥсуаа ааԥын ахымҩаԥгашьала анаҩстәи ашықәс аамҭақәа зеиԥшрахоз гәарҭон. Иаагозар:
Ааԥын анаҟә анырацәаха – аԥхынра ӡысаамҭахоит.
Ааԥын ашәаԥыџьаԥ рышәҭыцқәа ԥасаны ианылырга – аԥхынра ӡысаамҭахоит.
Ааԥынразы аԥсата анырацәаха – аԥхынра аарҩарахоит.
Ааԥынразы аԥша ҟәанда анхҭанакы – аӡынра цәгьахоит.
Ааԥынра ҿыхьҭааны ианца – аԥхынра аарҩарахоит.
Ааԥынразы ашьха ианӡысаамҭаха – аӡынра асы рацәа ҟалаӡом.
Ааԥын абызкаҭаҳа анырацәаха – аԥхынра аарҩарахоит.
Ааԥынразы ажьа ахәыжә лассы ианазымҟьа – аӡынра ауразоуроу ихьшәашәарахоит.
Ааԥынразы иааз аԥсаа рыҷырҷырбжьы лассы ианымга – ахьҭа аҿалоит.
Аматериал аиқәыршәараҿы ахархәара аҭан Шьаликәа Камкиа иеизга "Ажәа хьыршәыгәқәа".
Ажәабжьқәа зегьы
0