https://sputnik-abkhazia.info/20230408/aktsia-mkhakybaalati-adiktant-maysit-asny-aalaa-kha-rny-1045167303.html
Акциа "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" мҩаԥысит Аԥсны ақалақьқәа хԥа рҟны
Акциа "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" мҩаԥысит Аԥсны ақалақьқәа хԥа рҟны
Sputnik Аҧсны
"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" Аԥсны жәантәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Сынтәа уи иалахәын 150-ҩык рҟынӡа ауаа. 08.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-08T17:35+0300
2023-04-08T17:35+0300
2023-04-08T17:35+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/08/1045166794_0:370:960:910_1920x0_80_0_0_29c1f47d719bcbb84233e72805e771b9.jpg
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Акциа "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" мҩаԥысит Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра асабша мшаԥы 8 рзы.Аҟәа акциа мҩаԥысуан Пушкин ихьӡ зху ашкол №2 аҟны. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнак, Аҟәа имҩаԥысуаз адиктант акуратор Наталиа Каиун лажәақәа рыла, уи иалахәын 70-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ рыбжьара иҟан арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, ашкол аҵаҩцәа, иара убас урҭ рҭаацәа."Апандемиа иахҟьаны ҩышықәса иаҳзымҩаԥымгеит, иара убасгьы, иахьа амш цәгьоуп, аха 70-ҩык ахьааизгьы бзиоуп. Ҳара ҳгәы иахәоит адиктант аҩра зҭаххаз ахьыҟоу, рбызшәадырра аҩаӡара еилыркаар ахьырҭаху", - лҳәеит лара.Адиктант даԥхьон уаанӡатәи акультура аминистр, Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа. Есышықәса Аҟәа акциа амҩаԥгаҩцәа ари аус иадрыԥхьалоит еицырдыруа ауаа, акциа аҵакы иҵегьы ашьҭыхразы.2023 шықәса рзы атекст авторс даман ашәҟәыҩҩы Васили Авченко, уи изкуп аныҟәаҩ, ашәҟәыҩҩы, Мрагылара Хара аҭҵааҩы Владимир Арсениев. Каиун лажәақәа рыла, атекст мариамызт, аха зынӡагьы иагьыцәгьамызт."Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" алҵшәақәа еилкаахоит иааиуа амчыбжь анҵәамҭазы.Гагра акциа мҩаԥысит Гьачрыԥшьтәи абжьаратә школ аҿы, уи иалахәын 43-ҩык. Гәдоуҭатәи ашкол №2 аҿы адиктант рҩит 34-ҩык.Акциа "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" адунеи аҟны аҩажәантә раан имҩаԥысит мшаԥы 8 рзы, уи иамҽханакит асааҭтә цәаҳәақәа 19, аконтинентқәа фба. Аԥсны уи жәантәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Уи есышықәсатәи акциоуп, изҭаху зегьы алахәхар рылшоит.Акциа хықәкыс иамоуп аҵарадырра аҵак ду шамоу, аурыс бызшәа уадаҩзаргьы, аинтерес шаҵоу. Атекст есышықәса еицырдыруа ашәҟәыҩҩы иҩуеит ҷыдала акциазы. Адиктант асаит аҿы ишазгәаҭоу ала, 2022 шықәса рзы уи иалахәын 108 тәыла рҟынтәи 780 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, 2011 шықәсазы акәзар, уи иалахәын 4 758 заҵәык 13 қалақь рҟынтәи. "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" хацыркхеит 2004 шықәса рзы.Аԥсны раԥхьаӡа акәны ари акциа мҩаԥыргеит 2014 шықәса рзы.
https://sputnik-abkhazia.info/20230407/urystyla-ikhatsdyrkit-aaanyrtsti-ashkolkhya-rzy-aitslabra--aiakra-du-1045129922.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/08/1045166794_0:280:960:1000_1920x0_80_0_0_755290f099868d5f1e68cc86ac03f29f.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа
Акциа "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" мҩаԥысит Аԥсны ақалақьқәа хԥа рҟны
"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" Аԥсны жәантәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Сынтәа уи иалахәын 150-ҩык рҟынӡа ауаа.
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Акциа "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" мҩаԥысит Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра асабша мшаԥы 8 рзы.
Аҟәа акциа мҩаԥысуан Пушкин ихьӡ зху ашкол №2 аҟны. Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнак, Аҟәа имҩаԥысуаз адиктант акуратор Наталиа Каиун лажәақәа рыла, уи иалахәын 70-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ рыбжьара иҟан арҵаҩцәа, аҳақьымцәа, ашкол аҵаҩцәа, иара убас урҭ рҭаацәа.
"Апандемиа иахҟьаны ҩышықәса иаҳзымҩаԥымгеит, иара убасгьы, иахьа амш цәгьоуп, аха 70-ҩык ахьааизгьы бзиоуп. Ҳара ҳгәы иахәоит адиктант аҩра зҭаххаз ахьыҟоу, рбызшәадырра аҩаӡара еилыркаар ахьырҭаху", - лҳәеит лара.
Адиктант даԥхьон уаанӡатәи акультура аминистр, Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа. Есышықәса Аҟәа акциа амҩаԥгаҩцәа ари аус иадрыԥхьалоит еицырдыруа ауаа, акциа аҵакы иҵегьы ашьҭыхразы.
"Уажәаԥхьа адиктант даԥхьаразы дааҳаԥхьеит РУСДРАМ аиҳабы Иракли Хынҭәба, уи иаԥхьа Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ. Уи ала ҳара ауаа идҳарбоит ари аус ишадҳаԥхьало акультура, абызшәа уҳәа аҵакы еилызкаауа ауаа. Убас, сынтәа ҳара иҳаӡбеит Ельвира Анатоли-иԥҳа Арсалиа ааԥхьара лаҳҭарц, избанзар лара акрызҵазкуа аҵара-рккааратә усура мҩаԥылгоит", - ҳәа азгәалҭеит Каиун.
2023 шықәса рзы атекст авторс даман ашәҟәыҩҩы Васили Авченко, уи изкуп аныҟәаҩ, ашәҟәыҩҩы, Мрагылара Хара аҭҵааҩы Владимир Арсениев. Каиун лажәақәа рыла, атекст мариамызт, аха зынӡагьы иагьыцәгьамызт.
"Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" алҵшәақәа еилкаахоит иааиуа амчыбжь анҵәамҭазы.
Гагра акциа мҩаԥысит Гьачрыԥшьтәи абжьаратә школ аҿы, уи иалахәын 43-ҩык. Гәдоуҭатәи ашкол №2 аҿы адиктант рҩит 34-ҩык.
Акциа "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" адунеи аҟны аҩажәантә раан имҩаԥысит мшаԥы 8 рзы, уи иамҽханакит асааҭтә цәаҳәақәа 19, аконтинентқәа фба. Аԥсны уи жәантәуп имҩаԥысуеижьҭеи. Уи есышықәсатәи акциоуп, изҭаху зегьы алахәхар рылшоит.
Акциа хықәкыс иамоуп аҵарадырра аҵак ду шамоу, аурыс бызшәа уадаҩзаргьы, аинтерес шаҵоу. Атекст есышықәса еицырдыруа ашәҟәыҩҩы иҩуеит ҷыдала акциазы. Адиктант асаит аҿы ишазгәаҭоу ала, 2022 шықәса рзы уи иалахәын 108 тәыла рҟынтәи 780 нызқьҩык инареиҳаны ауааԥсыра, 2011 шықәсазы акәзар, уи иалахәын 4 758 заҵәык 13 қалақь рҟынтәи. "Мҽхакыҭбаалатәи адиктант" хацыркхеит 2004 шықәса рзы.
Аԥсны раԥхьаӡа акәны ари акциа мҩаԥыргеит 2014 шықәса рзы.