Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амшынеиқәафымцамч" аҟны ирҳәеит Аԥсны аамҭеихшала алашара арцәара анаанкылахаз атәы

© Foto / "Черноморэнерго"ВЛ "Калдахуара"
ВЛ Калдахуара - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2023
Анапаҵаҩра
Хәажәкырамза нҵәаанӡа Аԥсны агәҭеи мраҭашәаратәи ахәҭеи рыҟны афымцалашара Урыстәылантәи иаиуан.
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥсны иалагалаз афымцалашара арцәаразы аамҭеихша аԥыхын мшаԥы 1 азы. Абри атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ Саид Блабба.
Уи алыршахеит Џьуартәи аӡеизакырҭа аӡы иахьацлаз, уажәы уаҟа аӡы аҩаӡара 434 мерта иҟоуп.

"Егрытәи афымцастанциа амчхара еизҳаит. Аамҭеихша аԥыхуп, аха ҭыԥқәак рыҟны амчхара ақәыӷәӷәара аиуо иалагар, уаҟа алашара ырцәахоит", - иҳәеит Блабба.

Иара иазгәеиҭеит Аԥсны аенергосистемаз иуадаҩыз аӡынтәи аамҭа шаҳхаагаз, афымцацәаҳәақәа ирықәыз ахьанҭырагь шмаҷхаз. Аха, ус шакәугьы, афымца ақәыӷәӷәара шьҭыҵыр ҟалоит аԥхынтәи аамҭазы, избанзар усҟан атәыла ауааԥсыреи асасцәеи аҳауархьшәашәагақәа рхы иадырхәо иалагоит.
ГалМедиа аинформациа акьыԥхьит, Џьуартәи аӡеизакырҭа аҩаӡара еиҳахар, ЕгрыГЕС аӡы Егры аӡыршьҭрахь идәықәнаҵоит ҳәа. Блабба иажәақәа рыла, уи аҩыза ҟаларцаз аӡы аҩаӡара 510 метра инаӡароуп, аха уажәазы аӡы уаанӡа анеира иацәыхароуп.
Лампочка  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2023
Аԥсны
"Афымцамчҭира" Гәдоуҭа араион аҟны афымцамч ахархәараз ахәԥса зымшәо рсиа шьақәнаргылеит
"Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада ихаҭыԥуаҩ иажәақәа рыла, аԥснытәи аенергосистема иамоу ауадаҩрақәа макьаназ иҵарны иаанхоит. Есышықәса иаҳа-иаҳа иуашәшәырахоит, аиҭашьақәыргылараз иаҭаху ахарџьқәа ыҟаӡам.
Ауадаҩрақәа шыҟац иаанхоит изакәанымкәан акриптовалиута арҳара азҵаарагьы, иахьазы 50 мегаватт амаинингқәа рахь ицоит ҳәа иҳәеит Блабба. Убри аан ҵыԥхтәи аҭагылазаашьа иаҿҳарԥшуазар акырӡа иеиӷьхеит - инықәырԥшны 40 мегаватт ахархәара еиҵахеит. Изакәанамкәан акриптовалиута арҳара аԥырҟәҟәаразы аусурақәа цоит. Иара убасгьы "Амшынеиқәафымцамч" аусурақәа мҩаԥнагоит изакәанамкәан иқәыргылоу атрансформаторқәа раҿыхраз.
Ажәабжьқәа зегьы
0