Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Киути Шәманиеи Лыхнытәи аҭәаҵла аиқәырхаразы аусурақәа ирызкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Киути Симониеи Лыхнытәи аҭәаҵла аиқәырхаразы аусурақәа ирызкны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аминистрцәа реилазаара абаҳчааӡаҩ Гарри Киути Лыхны ақыҭа анхаҩы Дмитрии Шәманиеи арадио Sputnik аефир аҿы еиҭарҳәеит, Лыхнашҭа ихҵәаз аҭәаҵла аиқәырхаразы имҩаԥыгаз аус атәы.
Абаҳчааӡаҩ Гарри Киут аиҿцәажәараҿы иҳәеит аҵла ахәшәтәразы иарбан усмҩаԥгатәқәоу иҟаҵатәыз шидырыз атәы.
"Сгы иснарҳәоит иҟаҵатәу, Анцәа иҟынтә. Уамхаҵәыуартә иҟоуп… Аҳәара уадаҩуп иҟалаз ахҭыс атәы. Лыхны ҳаннеи иснарбеит иҟаҵатәу, аҷкәынцәа аихаӡақәа арымҭазҭгьы ҳнеиаанӡа, аԥша асызгьы икаҳауан. Аҩадахьшәа амахә хҵәаны, уи ацәа амахны ишәаны изаны, иҭасаны иҟаҳҵеит. Аҵла аҭыԥан иҟоуп, имҵысӡеит, иара аӡы иалоу ацхеиԥш иҟоуп, ишьыхны иҟанаҵоит. Аҩнуҵҟа абетон ала иҭарҭәоуп, аихаӡақәа рыла еибаркуп, уи ауп аҵлагьы зку", - ҳәа еиҭеиҳәеит Киут.
Иара иазгәеиҭеит, даҽа аамҭанык акәызҭгьы аҵла еиқәымхар шауаз, уажәы аҵла аӡы алалахьеит, жәамш рышьҭахь иаабоит, аҭәаҵла еиқәхо еиқәымхо ҳәа иҳәеит Киут.
Лыхны ақыҭа анхаҩы Дмитрии Шәманиа иҳәеит аҵла аиқәырхаразы уаҳа даҽа гәаанагарак шыҟамыз, иаҭахыз зегьы шыҟаҵаз.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0