Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәыла аҳәааҟны аԥсуа номерқәа змоу амашьынақәеи афатәқәеи роушьҭра иалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТаможенный комитет Республики Абхазия
Таможенный комитет Республики Абхазия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.04.2023
Анапаҵаҩра
Мшаԥы 10, ашьыжь асааҭ 6 рзы аушьҭырҭа-гәаҭарҭатә ҭыԥ "Адлер" аусура еиԥҟьеит Урыстәыла аҳазалхратә усбарҭақәа ринформациатә система иаиуз акибержәылара иахҟьаны.
АҞӘА, мшаԥы 11 – Sputnik. Аԥсуа номерқәа зманы афатә аалыҵ ииазго амашьынақәа аурыс-аԥсуа ҳәаа иахрыжьуа иалагеит сааҭқәак раԥхьа ҳәа "Аԥсныпресс" иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аҳазалхратә маҵзура аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.

"Урыстәылатәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳаицәажәарақәа цоит аҳәааҟны уаанӡатәи аусура ашьақәыргыларазы", - ҳәа иҳәеит Лабахәуа.

Аҳазалхырҭа аинформациатә система аусура аиԥҟьара аԥсуа-аурыс ҳәаа аҟны адагьы, Урыстәыла егьыҭ аҳәаақәа зегьы рҟны иазгәаҭан.
Ажәабжьқәа зегьы
0