https://sputnik-abkhazia.info/20230412/bagaelia-eieieit-akurort-pitsunda--assharazy-zaanay-aya-raankylasha-zeishrou-1045235456.html
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит "Акурорт Пицунда" аԥсшьаразы заанаҵы аҭыԥқәа раанкылашьа зеиԥшроу
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит "Акурорт Пицунда" аԥсшьаразы заанаҵы аҭыԥқәа раанкылашьа зеиԥшроу
Пицундатәи акурорт аҿы заанаҵтәи аҿаҵарақәа рырбагақәа зеиԥшроу, аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа рышҽазыҟарҵо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Акурорт... 12.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-12T20:30+0300
2023-04-12T20:30+0300
2023-04-12T20:30+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0c/1045235574_0:0:2000:1125_1920x0_80_0_0_13d995a5c29e0a071b0212fa4ee9ddaa.jpg
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит "Акурорт Пицунда" аԥсшьаразы заанаҵы аҭыԥқәа раанкылашьа зеиԥшроу
Багаҭелиа еиҭеиҳәеит "Акурорт Пицунда" аԥсшьаразы заанаҵы аҭыԥқәа раанкылашьа зеиԥшроу
Пицундатәи акурорт аҿы заанаҵтәи аҿаҵарақәа рырбагақәа зеиԥшроу, аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа рышҽазыҟарҵо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Акурорт Пицунда" иаҵанакуа еиду апансионатқәа рменеџьер Азамаҭ Багаҭелиа.Иара иажәақәа рыла, аԥсшьаразы ахәқәа сынтәа уамак ишьҭырымхӡеит, 10% рҟынӡа ауп зыҩаӡара ҳараку асезон аан ахәқәа анышьҭыҵуа."Лаҵарамза инаркны рашәарамзанӡа сасык изы 2 250 инаркны 2750 мааҭ ыҟоуп ахәқәа категориак аҟны, еиҳау даҽа категориак иақәуп 3 600 инаркны 4 250 мааҭ рҟынӡа", - иҳәеит Багаҭелиа.Иара иажәақәа рыла, аԥсшьарҭаҿы ауадақәа 1000 маҷк инацны иҟоуп, иахьазы лаҵарамзазы заанаҵтәи аҿаҵарақәа инарықәыршәаны 400-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа рҭаараны иҟоуп, рашәарамзазы 35% рҟынӡа аԥсшьарҭа уадақәа ааныркылахьеит, ԥхынгәымзазы - 55%, нанҳәазы - 60 %, цәыббрамзазы - 35 %."Арҭ арбагақәа заанаҵтәиқәа роуп, сгәаанагарала, ҩба-хԥа мчыбжьы рнаҩс иаҳа еиӷьхоит, рҽырԥсахуеит", - иҳәеит Багаҭелиа.Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0c/1045235574_95:0:2000:1429_1920x0_80_0_0_0165fcd49b89a00b180b43160d64a962.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Пицундатәи акурорт аҿы заанаҵтәи аҿаҵарақәа рырбагақәа зеиԥшроу, аԥхынтәи аԥсшьара аамҭа рышҽазыҟарҵо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит "Акурорт Пицунда" иаҵанакуа еиду апансионатқәа рменеџьер Азамаҭ Багаҭелиа.
Иара иажәақәа рыла, аԥсшьаразы ахәқәа сынтәа уамак ишьҭырымхӡеит, 10% рҟынӡа ауп зыҩаӡара ҳараку асезон аан ахәқәа анышьҭыҵуа.
"Лаҵарамза инаркны рашәарамзанӡа сасык изы 2 250 инаркны 2750 мааҭ ыҟоуп ахәқәа категориак аҟны, еиҳау даҽа категориак иақәуп 3 600 инаркны 4 250 мааҭ рҟынӡа", - иҳәеит Багаҭелиа.
Иара иажәақәа рыла, аԥсшьарҭаҿы ауадақәа 1000 маҷк инацны иҟоуп, иахьазы лаҵарамзазы заанаҵтәи аҿаҵарақәа инарықәыршәаны 400-ҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа рҭаараны иҟоуп, рашәарамзазы 35% рҟынӡа аԥсшьарҭа уадақәа ааныркылахьеит, ԥхынгәымзазы - 55%, нанҳәазы - 60 %, цәыббрамзазы - 35 %.
"Арҭ арбагақәа заанаҵтәиқәа роуп, сгәаанагарала, ҩба-хԥа мчыбжьы рнаҩс иаҳа еиӷьхоит, рҽырԥсахуеит", - иҳәеит Багаҭелиа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.