Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Амра Банк" аофис иақәлеит ҳәа ахара зыдҵоу рганахь ала аӡбамҭа рыдыркылеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Судебный молоток
Судебный молоток  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2023
Анапаҵаҩра
"Амра-Банк" аҟәатәи аҟәша дырҳәит 2021 шықәса хәажәкыра 10 рзы. Ацәгьоуцәа аԥара рыманы ибналеит.
АҞӘА, мшаԥы 13 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә усӡбарҭа Аԥсны атәылауаа фҩык, "Амра Банк" аофис иақәлеит ҳәа ахара здырҵо рганахь ала абамҭа рыдыркылеит ҳәа аанацҳауеит аусӡбарҭа апресс-маҵзура.

Ахара рыдырҵоит Асҭамыр Быҭәба, Вадим Возба, Алхас Кәыҵниа, Алиас Ҵнариа, Валериан Еиупов, Артур Ӷәынџьиа.

Быҭәба, Возба, Кәыҵниа, Ҵнариа, Еиупов ахара рхараҵоуп АА АЗ ахәҭаҷ 159 ахәҭа 4 ап. "б"; ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2 (абџьари аџьаԥҳани изакәанымкәа раахәара, аӡәы иҭара, аҭира, аҵәахра, амҩангара ма аныҟәгара, гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәаны иҟарҵаз ацәгьоуразы) инарықәыршәаны.
Уи адагьы, Алхас Кәыҵниеи Алиас Ҵнариеи закәаншьаҭада анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәеи урҭ иреиԥшқәоуи закәаншьаҭада раахәара, рымҩангара, рымазаара рхараҵоуп.
Рассмотрение ходатайства следствия об аресте А. Величко в Черемушкинском суде - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.05.2021
Абанк иақәлан идырҳәит ҳәа иаанкылоу рырбаандаҩра аҿҳәара иацҵоуп
Артур Ӷәынџьиа ацәгьоура иӡеит ҳәа АА АЗ ахәҭаҷ 318 инақәыршәаны ахара ихараҵоуп.
Аусӡбарҭа аӡбрала Асҭамыр Быҭәбеи Валериан Еиупови рмазара рымхны 12-12 шықәса рхыргароуп зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы.
Алхас Кәыҵниа, Алиас Ҵнариа – рмазара рымхны 13-13 шықәса рхыргароуп зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы, Вадим Возба – 13 шықәсеи фымзи ихигароуп зрежим ӷәӷәоу аколониаҿы. Имазара имхуп.
Артур Ӷәынџьиа шықәсыки фымзи иқәҵахоит азеиԥш режим иатәу аколониаҿы ихигарц.
2021 шықәса хәажәкыра 10 рзы "Амра-Банк" аҟәатәи аҟәша ԥшьҩык ауаа асабрадақәа рҿаҵаны иҩналаны 1 021 156 мааҭ аԥара дәылыргеит.
Абанк ахьчаҩи ақәылаҩцәеи рыбжьара аиҿахысра ҟалеит, убри аан ацәгьоуцәа автомашьына "Ford Galaxy" ала ибналеит. Аамҭақәак рышьҭахь амашьына Армеискаиа амҩаду аҟны ибылны иԥшаан.
Ахара рхароуп ҳәа ишьақәыргылоуп быжьҩык атәылауаа, аграждантә шшыԥхьыӡ аҟны иарбоу аԥара 1,06 миллион мааҭ иҟоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0