Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи аруаа Артиомовск иахьаҵанакуа 57 хықәкы нарыгӡеит

© Sputnik / Константин МихальчевскийБоевое дежурство танка Т-72 вооруженных сил РФ в южном секторе специальной военной операции
Боевое дежурство танка Т-72 вооруженных сил РФ в южном секторе специальной военной операции - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.04.2023
Анапаҵаҩра
Артиомовск амҵан аибашьра иаҿуп "Вагнер" ажәыларатә аотриадқәа, урҭ ирыцхраауеит аҳаир-десанттә ар. Урҭ УАМ арезервқәа ақалақь ахь рынашьҭра аԥдырҟәҟәаауеит, аӷа ихьаҵра иаԥырхагахоит.
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Урыстәыла аракетатә ар уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Артиомовск амҵан 57 хықәкы нарыгӡеит, аҳаирпланқәа 12 ишьҭыԥрааит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра апресс-маҵзура.
"Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла аӷа ицәыӡит 300-ҩык аибашьцәа, аршьаҟауаа рмашьынак, акәылӡмашьынақәа фба, автомашьынақәа ҩба, агаубица Д-20, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 35-ҩык аруаа, ҩ-автомашьынак, агаубица "Гвоздика", Красно-Лимансктәи ахырхарҭаҿы – 80-ҩык аибашьцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, агаубица Д-20, УАМ амеханизациа зызуу 66-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы аӷа ицәыӡит 20-ҩык аруаа, ҩ-кәылӡмашьынак, агаубица "Мста-Б", Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 35-ҩык асолдаҭцәа, ҩ-кәылӡмашьынак, агаубица "Гвоздика".
Работа морской пехоты в зоне СВО - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.04.2023
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи аруаа агәыԥ "Харьков" адҵаҟаҵаратә ҭыԥ дырхәашеит
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит УАМ артиллериатә ҟәшақәа 97, 124 раион рҿы ари атехникеи.
Урыстәыла Аҳауахьчаратә мчқәа икарыжьит HIMARS ареактивтә хгәыцәқәа жәба, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа фба.
Арратә операциа иалагазар УАМ рцәыӡқәа иреиуоуп: 407 ҳаирыплан, 228 верталиот, 3747 аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа, 415 зенит-ракетатә комплекс, 8659 танки акәылӡымашьынеи, 1082 ареактивтә системақәа, 4576 артиллериатә шьақәгылеи аминаршәгақәеи, 9487 ак автомобилтә техника.
Ажәабжьқәа зегьы
0