https://sputnik-abkhazia.info/20230414/asnynti-yrtylaa-agumanitart-tskhyraara-nargeit-1045283939.html
Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа агуманитартә цхыраара наргеит
Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа агуманитартә цхыраара наргеит
Sputnik Аҧсны
Агуманитартә миссиа иалоуп Аԥсны Апарламент адепутатцәа Аслан Лакоба, Алхас Барцыц, Инар Гыцба, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа. 14.04.2023, Sputnik Аҧсны
2023-04-14T21:15+0300
2023-04-14T21:15+0300
2023-04-14T21:20+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
ҭырқәтәыла
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0e/1045283320_0:96:1024:672_1920x0_80_0_0_9aded263ef973d291cf2df1ea6ad233b.jpg
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Аԥснынтәи агуманитартә цхыраара неит Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ахьыҟалаз араионқәа рахь. Абри атәы и-Telegram-канал аҿы адырра ҟаиҵеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба.Адгьылҵысра ааха знаҭаз Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рзы агуманитартә цхыраара аизгара хыркәшахеит Аԥсны хәажәкыра 17 рзы.Згәы иалсыз Аԥсны ауааԥсыра 20 тонна аидара еизган, уи иалан аҽрыцқьагақәа, акыраамҭа ибжьымсуа афатә, аӡрыжәтә.Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Каҳраманмарашь апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысрақәа ҩба ҟалеит жәабран 6 рзы. Адгьылҵысра рнырит атәыла апровинциақәа 11, ааигәатәи аҳәынҭқаррақәа, Шьамтәыла назлоу.Ҭырқәтәыла мацара иҭахаз 50 нызқьҩык иреиҳауп.Аԥсны, егьырҭ атәылақәа жәпакы реиԥш, арыцҳара иақәшәаз ауаа ацхыраара рыҭара ишазыхиоу атәы аҳәеит. Жәлар Реизара Ҭырқәтәыла ацхрааразы шә-нызқь мааҭи Шьамтәылазы ҩышә нызқь мааҭи рзоужьра иазыразхеит. Иара убас ацхыраара ҟарҵеит Акультура аминистрреи ауаажәлар рыбжьара активистцәеи.
ҭырқәтәыла
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2023
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e7/04/0e/1045283320_0:0:1024:768_1920x0_80_0_0_abbeec0a25d521cee6377cae81f4aef9.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, ҭырқәтәыла
Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа агуманитартә цхыраара наргеит
21:15 14.04.2023 (ирҿыцуп: 21:20 14.04.2023) Агуманитартә миссиа иалоуп Аԥсны Апарламент адепутатцәа Аслан Лакоба, Алхас Барцыц, Инар Гыцба, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа.
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Аԥснынтәи агуманитартә цхыраара неит Ҭырқәтәыла адгьылҵысра ахьыҟалаз араионқәа рахь. Абри атәы и-Telegram-канал аҿы
адырра ҟаиҵеит Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба.
"Ҳара ақалақь Каҳраманмарашь ҳаҟоуп, аброуп адгьылҵысра агәҭаҵәҟьа ахьыҟаз. Ҳгуманитартә миссиа абра ихыркәшахоит. Аԥсны еиҿкааз агуманитартә цхыраара Ҭырқәтәылатәи ареспублика аофициалтә мчқәа ирыҭахоит, хықәкыла Аҭагылазаашьа ҷыдақәеи урҭ раԥыхреи ирызку аминистрра аусбарҭа", - иҳәеит иара.
Адгьылҵысра ааха знаҭаз Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи рзы агуманитартә цхыраара аизгара хыркәшахеит Аԥсны хәажәкыра 17 рзы.
Згәы иалсыз Аԥсны ауааԥсыра 20 тонна аидара еизган, уи иалан аҽрыцқьагақәа, акыраамҭа ибжьымсуа афатә, аӡрыжәтә.
Ҭырқәтәыла алада-мрагылара Каҳраманмарашь апровинциаҟны жәсааҭк рыбжьаны 7,7, 7,6 балл зымчхара ыҟаз адгьылҵысрақәа ҩба ҟалеит жәабран 6 рзы. Адгьылҵысра рнырит атәыла апровинциақәа 11, ааигәатәи аҳәынҭқаррақәа, Шьамтәыла назлоу.
Ҭырқәтәыла мацара иҭахаз 50 нызқьҩык иреиҳауп.
Аԥсны, егьырҭ атәылақәа жәпакы реиԥш, арыцҳара иақәшәаз ауаа ацхыраара рыҭара ишазыхиоу атәы аҳәеит. Жәлар Реизара Ҭырқәтәыла ацхрааразы шә-нызқь мааҭи Шьамтәылазы ҩышә нызқь мааҭи рзоужьра иазыразхеит. Иара убас ацхыраара ҟарҵеит Акультура аминистрреи ауаажәлар рыбжьара активистцәеи.