Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҷыҭанаа 2022-2023 шықәсқәа рзы акамшьиа акразы: даара ихьысҳахеит

Ҷыҭанаа 2022-2023 шықәсқәа рзы акамшьиа акразы: даара аихьысҳахеит
Анапаҵаҩра
2022-2023 шықәсқәа рзы Аԥсны аӡқәа рҟны ҭагалан-ааԥынтәи аԥсыӡкра аамҭазы икын 6,5 тонна акамшьиа, атәыла аиҳабыра 35 нызқь тонна акра азин аныҟанаҵаз аамҭазы. Ас еиԥш асезон алҵшәадахара иазкхеит акамшьиакра аҿҳәара анахара. Иаанарԥшыма иара алҵшәақәа, насгьы акамшьиа акра аамҭа хыркшоуп ҳҳәар алшома, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, атәыла аеколог хада, Аекологиазы Аԥсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
Сынтәа акамшьиа акра ацашьа ҽааамҭанык еиԥшымхеит, даара ихьысҳахеит ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Ҷыҭанаа.
"Иахьазы иркит 6 нызқьи 900 тонна, изыхҟьаз азы анализқәа ҟаҵам. Аӷбақәа қьырала иаагаз, аԥсыӡкра аамҭа хыркәшахаанӡа ихынҳәны ацара иалагеит. Инхаз уарла-шәарла аԥсыӡ рԥыхьашәо ианалага, мышкы 40-50 тонна ркуан, ақыҭанхамҩа аминистрра ааԥхьара ҟарҵеит Аԥснытәи аӷбақәа ԥшьба аԥсыӡкра иацырҵарцаз, ҳаргьы ҳақәшаҳаҭхеит. Шьҭа уи аҿҳәарагьы хыркәшахоит, аха аԥсыӡ ишыҟамыз еиԥш иҟам. Аӷбақәа русура ааныркылеит. Ажәакала, акамшьиа ҳзымкит ҳәа уҳәар ҳалшоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҷыҭанаа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0