Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аслан Бжьаниа Аԥсны ақьырсианцәа Мшаԥныҳәа Лаша рыдиныҳәалеит

© Foto / Администрация Президента Республики Абхазия Аслан Бжания
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2023
Анапаҵаҩра
Сынтәа Мшаԥныҳәа азгәарҭоит мшаԥымза 16 рзы.
АҞӘА, мшаԥы 16 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақьырсианцәа ирыдиныҳәалеит Мшаԥныҳәа Лаша.
"Ашәышықәсақәа раахыс адунеи зегьы аҟнеиԥш, аԥсуа дгьыл иқәыҩуеит аԥеиԥш лаша иазҳәоу, аԥсҭазаара бзиазы агәыӷра ҳазҭо Иаса Қьырса Игылара иазку Агәырӷьаҿҳәаша", - ҳәа ануп адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада иазгәеиҭеит иԥшьоу ари аныҳәазы ҷыдала ауаҩра, аламыс, арыцҳаибашьара, аҳаҭыреиқәҵара реиԥш иҟоу аҵас бзиақәа ауаа шеидыркыло, аԥсадгьыл ахь ирымоу абзиабара аҵакы ишеизааигәанатәуа.
"Аԥеиԥш бзиа агәрагарала ҳара аҭаацәарақәа аԥаҳҵоит, аџьа ҳбоит, ҳахшара ҳааӡоит, зегьы ҳаидгыланы Аԥсны аиҭеиразы аҭагылазаашьақәа аԥаҳҵоит. Абри амш азы дарбанзаалак еиҳа аихӡыӡаара, аҳаҭыреиқәҵара, абзиабара ааирԥшуеит изааигәоу ауаа рышҟа, аиҳаби аиҵби реизыҟазаашьа еиҳа хшыҩзышьҭра аиҭоит", - иҳәеит Бжьаниа.

Аԥсны ахада ҩнаҭацыԥхьаӡа ирзеиӷьеишьеит Иԥшьоу Мшаԥныҳәа алԥхеи иацу ацқьареи рыгымхарц, Ҳаиҳа зымчу илаԥш рхызарц Аԥсни аԥсуа жәлари.
 Празднование пасхи в Сухумском кафедральном Соборе Благовещения Пресвятой Богородицы - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2023
Аԥсны
Аԥсны ақьырсианцәа Амшаԥныҳәа Лаша азгәарҭоит
Амшаԥныҳәа – ақьырсианцәа рзы ихадоу ныҳәароуп. Уаҟа иаарԥшуп ауаҩытәыҩсатә ҭоурых зегьы шьаҭанкыла изыԥсахыз ахҭыс – Анцәа иԥа, Анцәареи ауаҩреи еицызбаз Иаса Қьырса игылара. Иаса Қьырса Ацқьа Мариа дылхылҵит, аԥсыцқьала диит. Иара адгьыл даҭааит ауаа рыԥсқәа ҿихырц, Адами Евеи иҟарҵаз раԥхьаӡатәи агәнаҳа инаркны ауаа зегьы ирықәырҵаз агәнаҳарақәа рхихырц. Аԥсҿыхра алшахартә иҟалеит Иаса Қьырса харак имамкәа аџьар аҿы данкыдырҵа ашьҭахь: ихахьы игеит адунеи ауааԥсыра зегьы рыгәнаҳарақәа, Иара дхазҵаз, Иуасиаҭқәа ирықәныҟәо ажәа риҭеит жәҩангәашәԥхьара шырзаатуа.
Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи ҟалеит ахәаша, анышә дамадан аиудеиатә қьабзқәа инарықәыршәаны. Хымш рышьҭахь, иҵаҩцәа неит иԥсыбаҩ ахьынрыжьыз ахаҳәтә дамраҿы, аха дрымбеит… Анаҩс, рҿаԥхьа дцәырҵуеит дыбзаханы. Даҽа 40 мшы иара адгьылаҿ дыҟан, Иуахәама аԥызҵаз, ақьырсианра адунеи аларҵәара зҽазызкыз иҵаҩцәа абжьгарақәа рыҭауа.
Ажәабжьқәа зегьы
0