Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны ақьырсианцәа Амшаԥныҳәа Лаша азгәарҭоит

© Sputnik / Константин Грецов Празднование пасхи в Сухумском кафедральном Соборе Благовещения Пресвятой Богородицы
 Празднование пасхи в Сухумском кафедральном Соборе Благовещения Пресвятой Богородицы - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.04.2023
Анапаҵаҩра
Жәабран 27 инаркны иалагеит ақьырсиан дунеи зегь аҿы 49 мшы иныҟәырго Ачгара Ду. Мшаԥы 16 рзы аиашахаҵаратә қьырсианцәа иазгәарҭоит Амшаԥныҳәа - Иаса Қьырса Ибзахара.
АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Аԥсны ақьырсианцәа мшаԥы 16 рзы Амшаԥныҳәа - Иаса Қьырса Ибзахара амш азгәарҭоит.
Амшаԥныҳәа ауха Аиашахаҵаратә уахәамақәа рҟны 23:30 сааҭ рзы Анцәаимҵаныҳәара иалагеит. 24:00 рзы Ҳазшаз дхазҵо аџьартә ныҟәара мҩаԥыргеит, Анцәаимҵаныҳәара хыркәшан ашьыжь - 5:00 - 6:00 сааҭ рзы.
Анцәахаҵаҩцәа ирызцәырҵуеит агәырӷьара иаша, "Иаса Қьырса дгылеит!" "Ииашахаҭаны дгылеит!" ҳәа еибырҳәоит.
Освящение пасхальных куличей и яиц в Великую субботу - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.04.2023
Аԥсны
Адоуҳатә ҽеиҭакра: ақьырсианцәа Ачгара Ду хыркәшаны Амшаԥныҳәа иаԥылоит
Амшаԥныҳәа – ақьырсианцәа рзы ихадоу ныҳәоуп. Уаҟа иаарԥшуп ауаҩытәыҩсатә ҭоурых зегьы шьаҭанкыла изыԥсахыз ахҭыс – Анцәа иԥа, Анцәареи ауаҩреи еицызбаз Иаса Қьырса игылара. Иаса Қьырса Ацқьа Мариа дылхылҵит, аԥсыцқьала диит. Иара адгьыл даҭааит ауаа рыԥсқәа ҿихырц, Адами Евеи иҟарҵаз раԥхьаӡатәи агәнаҳа инаркны ауаа зегьы ирықәырҵаз агәнаҳарақәа рхихырц. Аԥсҿыхра алшахартә иҟалеит Иаса Қьырса харак имамкәа аџьар аҿы данкыдырҵа ашьҭахь: ихахьы игеит адунеи ауааԥсыра зегьы рыгәнаҳарақәа, Иара дхазҵаз, Иуасиаҭқәа ирықәныҟәо ажәа риҭеит жәҩангәашәԥхьара шырзаатуа.
Иаса Қьырса аџьар аҿы икыдҵареи иԥсреи ҟалеит ахәаша, анышә дамадан аиудеитә қьабзқәа инарықәыршәаны. Хымш рышьҭахь иҵаҩцәа неит иԥсыбаҩ ахьынрыжьыз ахаҳәтә дамраҿы, аха дрымбеит… Анаҩс, рҿаԥхьа дцәырҵуеит дыбзаханы. Даҽа 40 мшы иара адгьыл аҿы дыҟан, Иуахәама аԥызҵаз, ақьырсианра адунеи аларҵәара зҽазызкыз иҵаҩцәа абжьгарақәа рыҭауа.
Ажәабжьқәа зегьы
0